Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Абаза хылҵшьҭра реибабара гәыҵхас измаз: Рауф Маан Абаза игәалашәаразы

© Foto / facebook / Мухаммад АлиРауф Абаза
Рауф Абаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, жәабран 9 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Мысра (Египет) иҟоу аԥсуа диаспора иахаҭарнакыз, абаза хылҵшьҭрақәа иааигәаны реибабара, реиҭанеиааира аус аҟны акыр аџьабаа збахьаз Рауф Маан Абаза иԥсҭазаара далҵит жәабран ааба рзы.
"Рауф Маан Абаза иԥсҭазаара иалҵра гәалсра дула иҳадаҳкылеит зегьы. Иԥсадгьыли ихылҵшьҭреи рҭоурых азҵаара, уахь ахынҳәра гәалас иман есымшааира. Згәы былуаз, иаартыз уаҩын. Аимадара бзиа ҳабжьан, аҵыхәтәанынӡа ҳақәгәыӷуан игәабзиара шьақәгылап ҳәа, аха изалымшахеит", - ҳәа иҳәоит хаҭала дыздыруаз Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵтәи аусқәа рзы иҷыдоу анапынҵақәа рыцҳаражәҳәаҩ Инар Гыцба.
Рауф Маан Абаза ибзоурала раԥхьаӡакәны 2019 шықәсазы Мысра еиҿкаан аԥсуа диаспора злахәыз аиԥылара. Уи шыҟалаз атәы дазааҭгыло, Инар Гыцба игәалаиршәоит:
"Раԥхьаӡа акәны ҳаибабеит 2019 шықәсазыҳәаны, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс агәыԥ аҳасабала аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәеи ҳареи Египет - Мысра ҳныҟәарақәа раан. Ҳаиԥыларақәа зегьы еиҿкааҩыс дрыман. Уаҟа ҳалацәажәеит ҳгәы иҵхоз азҵаарақәа жәпакы: ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаиҭанеиааира, иааигәаны ҳаибабаразы иҟаҳҵаша ашьаҿақәа, убас ҳкультура, ҳҵас, ҳқьабз ҳхылҵшьҭра иахьынӡалшо деилыркаара уҳәа", - ҳәа иҳәоит Гыцба.
Убас иара дазааҭгылеит Рауф Маан Абаза Мысра иқәынхоз ҳџьынџьуааи иареи аимадара бзиа шрыбжьаз, ҳаҭыр шиқәырҵоз атәы. Иара хаҭала аԥсуа хылҵшьҭрақәа рҭаацәарақәа рҭоурых дазҿлымҳан, иҭиҵаауан, изымдыруаз абаза ҭаацәарак ыҟамзар ҟаларын.
"Ҳгәы иҭан акультура аганахьала Мысра апроектқәа реиҿкаара. Уи иара даара деигәырӷьон, ацхырааразыҳәаны ихы дшамеигӡо агәра ҳиргахьан, аха дахьымӡеит", - ҳәа иҳәоит Инар Гыцба.
© Foto / из архива Рауфа Абаза Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Рауф Абазеи (Маан) Египет, 2019 шықәсазы.
Рауф Абаза  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс ахаҭарнакцәеи Рауф Абазеи (Маан) Египет, 2019 шықәсазы.
Шьала-дала иаԥсыуаз Рауф Маан Абаза иԥсы ахьынӡаҭаз илшоз зегьы ҟаиҵон аԥсуа хылҵшьра реиҭанаиааира, реибабара азыҳәаны иахәҭоу амҩақәа разыԥшаара аус аҟны. Иара ихьааигон шаҟа ирыцҳароу Мысра иҟоу аԥсуа хылҵшьҭра рбызшәа зынӡа иахьырзымдыруа, уимоу ишыҟоу аҭаацәарақәа Аԥсназы информациак змам.
Рауф Маан Абаза Sputnik иеиҭахьаз аинтервиу аҿы иҳәахьан:
"Ҳара ҳажәлар аҭоурых ӷәӷәа рымоуп. Ҳабацәа, ҳабдуцәа рыԥсадгьыл ианахыргаз инаркны ирыԥгылаз ауадаҩрақәа ҵҩа рымамызт. Сгәы иалоуп Мысратәи аԥсуаа рыԥсадгьыл иахьаҟәыгоу, рыԥсадгьыл аӡбахә хьысҳаны иахьырдыруа. Ажәа "Абаза" еиднакылоит зегьы. Аха уи шаҟа ҭоурыхтә маӡа аҵаҵәахузеи, шаҟагьы ҳзымдыруазеи?.." - ҳәа ихәыцрақәа ҳацеиҩишахьан Рауф Маан.
Муҳаммед Рауф Абазеи (Маан) уи иԥшәмаԥҳәыс Амани Салиеи - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.11.2018
Арепатриациа
Муҳаммед Рауф Абаза: ҳаҧсадгьыл ахь амҩа ылаҳхит
Раԥхьаӡакәны 2018 шықәсазы Рауф Абаза иԥшәмаԥҳәыс дицны иҭоурыхтә ԥсадгьыл Аԥсны даҭааит. Уи атәы лгәаларшәо, Сырма Ашәԥҳа Sputnik адаҟьаҟны илыҩхьан:
"Ԥхыӡу-лабҿабазу зеилыргара уадаҩыз, аԥхарра ду зҵаз Мысратәи аԥсуааи сареи ҳгәазхара ҳзымеицәажәо ҳаидтәалан. Ус иџьыба (Рауф Маан Абаза - аред.) дынҭалан, Аԥсны дызлатәылауаҩу ала апаспорт аацәырган исирбеит, игәгьы инадикылеит. "Уажәшьҭа саԥсыуаҵәҟьоуп", — ҳәагьы нациҵеит", - абас раԥхьаӡатәи реибадырра лгәаларшәо илыҩуан Ашәԥҳа.
© Foto / из архива Рауфа Абаза Рауф Абаза (Маан) Аԥсны иаҭаараан, 2018 шықәса.
Рауф Абаза  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Рауф Абаза (Маан) Аԥсны иаҭаараан, 2018 шықәса.
Рауф Маан Абаза занааҭла декономистын, Мысратәи ауниверситет аҿы жәашықәса инареиҳаны акризис аусбарҭа аҟәша аиҳабы иабжьгаҩыс аус иуан. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзыҳәаны Мысра иҟоу аԥсуа диаспора дахаҭарнакын, абаза хылҵшьҭрақәа иааигәаны реибабара, реиҭанеиааира аус аҟны акыр аџьабаа ибахьан.
Ажәабжьқәа зегьы
0