Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аполитикатә партиа "Аԥсны" Апарламент адепутатрахь акандидатцәа ықәнаргылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукРегистрация инициативных групп в ЦИК
Регистрация инициативных групп в ЦИК - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Анапаҵаҩра
Апарламент ахь адепутатразы акандидатцәа рҭаҩра мҩаԥыслоит жәабран 10 инаркны хәажәкыра 2 рҟынӡа.
АҞӘА, жәабран 9 – Sputnik. Аполитикатә партиа "Аԥсны" адепутатрахь акандидатцәа ҩыџьа ықәнаргылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада.
Апартиа иқәнаргылеит:
Витали Габниа - 8-тәи алхратә ҭыԥ хада (Алашарбагатәи),
Асҭамыр Џьугьелиа - 16-тәи алхратә ҭыԥ хада (Дәрыԥшьтәи).
Жәабран 8 азы иҟоу аҭагылазаашьала АКХ аҿы иҭаҩуп аԥшьагаратә гәыԥқәа 118, аполитикатә партиақәа хәба. Асиа зегьы шәаԥхьар шәылшоит абра.
Апарламент ахь адепутатцәа ықәзыргыло аполитикатә партиақәеи аԥшьгаратә гәыԥқәеи ашәҟәы рҭагалара иалагеит ажьырныҳәа 21 рзы, ихыркәшахоит жәабран 10 рзы.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0