Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Блабба аҩны афымцатә цәаҳәақәа рхархәара иазкны

Хра злоу ахҭысқәа: Блабб аҩны афымцатә цәаҳәақәа рхархәара иазкны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи афымцеихшарҭа анџьныр хада Ҭенгиз Блабба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит избан лассы-лассы абзазаратә маругақәа ирыхҟьаны абылрақәа зыҟало, насгьы афымцатә цәаҳәақәа рхархәара хшыҩзышьҭра зҭатәу зҵаараны изыҟоу.
Аҟәа ахатәыҩнқәа хԥа амца ркит иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура. Аҩнқәа ҩба рыхәҭақәак блит, даҽа ҩнык шьаҭанкыла иқәблааит.
"Афымцацәаҳәақәа рхархәара ииашамкәа иазнеиуеит ауааԥсыра. Алашара амчхара алаҟәра иахҟьаны, ирацәаны арԥхагақәа аҿаукыр, иаҳа иарԥхозшәа ргәы иабоит. Амцакрақәагьы зыхҟьо убри акәзаргьы ҟалап. Асовет мчраан ақәыӷәӷәара акырынтә иаҳа имаҷын. Уажәы аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, аӡәы адашьма ирԥхоит, егьи - "аҭӡы". Афымцатә цәаҳәақәа бзиа ирымбои, ахә маҷны, иара ахаҭагьы амч ақәымхо аҟазаара, ус еиԥш ахьыҟоу ыҟоуп. Уи инаҷыданы иахьа иааҳхәо ацәаҳәақәа рхаҭабзиарагьы зынӡа иссирым ҳәа агәаанагара ҳамоуп. Ақалақь аҩнуҵҟа 330 инареиҳаны афымцеихшарҭа ыҟоуп. Зегьы рықәыӷәӷәара еиԥшӡам. Џьара зынӡа ирацәоуп. Есыуаха иара ҳцәаҳәагьы анбылуа ыҟоуп, аҩны аҩнуҵҟа акәым. Иахьа имаҷым аҩны иаанханы зҽызхәшәтәуа ауаа, ҳәарада, урҭ рыҽдырԥхар рҭахуп, иахәҭоугьы иахәҭамгьы аҿакны ирымоуп, ҳәарада, амашәыр ҟалоит, насгьы ишаҿаку идәылҵны ианцалогьы убап", - ҳәа азгәеиҭеит Блабба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0