Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Риҵа ашәарҭара зцу асыԥсалеирҭа ҭыԥқәа реилкааразы аметод ҿыц ахархәара арҭоит

© Foto / * Деятельность Meta (соцсети Facebook и Instagram) запрещена в России как экстремистская/mariiamiiironovaКадры заснеженной Рицы
Кадры заснеженной Рицы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аҟны илеиз асы ӷәӷәа иахҟьаны аҭааҩцәа рзы аӡын алагамҭазы иааидкыланы бжьымш иаркын.
АҞӘА, жәабран 13 – Sputnik. Риҵатәи апарк аҟны ашәарҭара зцу асыԥсалеирҭа ҭыԥқәа реилкааразы аметод ҿыц рхы иадырхәо иалагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Риҵатәи апарк аҭҵаарадырратә усзуҩы Ҭемыр Тәанба.

"Сынтәа исыргылеит акаҭақәа асшәагатә даанқәа рыла акаҵәарақәа Пыви Чҳаи рҟынӡа. Ес-шәметрак Аҵыҭәақәтәи ашьхеибаркыра аҟынӡа игылоуп арҭ асшәагатә даанқәа, урҭ рыла сашьклаԥшуеит асы аҿыгҳара. Иара убас, асы аҟны ажрақәа ҟаҵаны атермометр ацхырааралеи ашәагалеи асцырақәа алупала иҭысҵаауеит. Исыԥшаауеит аҿыгҳара ахьуашәшәыроу еиқәҟьар ахьалшо", - ҳәа азгәеиҭеит иара.

Тәанба иҳәеит Аԥсны аибашьра ашьҭахь ари аҩыза аметод Риҵатәи апарк иахьаҵанакуа ахархәара шарымҭац.

Кадры заснеженной Рицы - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Аԥсны
Риҵатәи апарк аҿы асыԥсалеира ахьалшо ишәарҭоу аҭыԥқәа рацәахеит
Амшыни ихадоу Кавказтәи ашьхеибаркыреи реизааигәара иабзоураны Аԥсны ашьхақәа рыҟны асы ӷәӷәаны илеиуеит, уи иҳанаҳәоит асыԥсалеиразы ашәарҭара шыҟоу. Иҟоуп даҽа ҩ-мзызкгьы асыԥсалеира зыхҟьар алшо - аԥшаӷәӷәа анаслак асы ҭыԥк аҟынтәи даҽа ҭыԥк ахь иианагоит, иҩбахазгьы - аҳауа аԥхарра ҳәа азгәеиҭеит Тәанба.
"Ақәеи уахынлатәи аԥхаррақәеи - абри ауп еиҳарак асыԥсалеира зыхҟьо, уажәааигәа Аӡиа иаҵәа аҟны ишлеиз еиԥш", - иҳәеит иара.
Риҵатәи апарк аҭҵаарадырратә усзуҩы агәра ганы дыҟоуп, асыԥсалеирҭақәа рыҭҵаара ахылаԥшразын ишхымԥадатәиу аҳауаҭҵааратә станциа маҷқәа рыргылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0