Аҵаақәшьқьрааҩ Валиева Пекинтәи аолимпиадаҿ хаҭалатәи атурнир ахь днашьҭхоит

© Sputnik / Александр Вильф / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОлимпиада-2022. Фигурное катание. Женщины. Тренировки
Олимпиада-2022. Фигурное катание. Женщины. Тренировки - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭа амҽыша ауха урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩ Камила Валиева лус иахәаԥшит.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩы Камила Валиева Аолимпиатә хәмаррақәа рахь днашьҭызааит ҳәа аӡбеит Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭа (CAS), Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилаки (МОК), Жәларбжьаратәи аҵааныҟәаҩцәа Реидгылеи (ISU), Жәларбжьаратәи адопингҿагыларатә маҵзуреи (WADA) ирҳәаз иақәшаҳаҭымхакәа. Иара азин ҟанаҵеит аҵаақәшьқьрааҩы Пекин имҩаԥысуа Аолимпиатә хәмаррақәа лхы рылалырхәырц аӡәаӡәалатәи ақәгылараҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"CAS акомиссиа ҷыда аӡбара аднакылеит урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩ Камила Валиева лганахьала. Уаанӡа Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы, WADA, ISU иҟарҵаз азыҳәа мап ацәкуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Жәларбжьаратәи атестҟаҵартә маҵзура (ITA) ахәаша аҳәамҭа ҟанаҵеит, Валиева 2021 шықәса ԥхынҷкәынмза 25 рзы иалҭаз адопинг-тест агәаҭарақәа рҿы триметазидин апрепарат шлылаз шышьақәырӷәӷәоу. Стокгольмтәи адопингҿагыларазы алабораториа Валиева лтест аҭакқәа лырҭеит жәабран 8 рзы. Урыстәылатәи адопингҿагыларатә маҵзура ақәҵара аднакылеит Валиева аамҭала лынаскьагара, аха апеллиациа ашьҭахь жәабран 9 рзы лара дырхынҳәуп. Ари ашьҭахь Жәларбжьаратәи Аолимпиатә еилакы, WADA, ISU Аспорттә бжьаҟазаратә ӡбарҭахь азыҳәақәа нарышьҭит ари иаҿагыланы. Аӡбарҭа ари аус азы амҽыша еилатәеит.
Российская спортсменка Камила Валиева выступает на командных соревнованиях по фигурному катанию на зимних Олимпийских играх в Пекине - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.02.2022
Жәларбжьаратәи Аолимпиатә Еилакы урыстәылатәи аҵаақәшьқьрааҩ Валиева илхаранатәуа
Уаанӡа Валиева урыстәылатәи акоманда далахәны аолимпиатә чемпионка ҳәа ахьӡ аиура лҽаԥсалтәит, аха иахьанӡагьы аҳамҭаҭаратә церемониа мҩаԥгам. Аҳәса рыбжьара аиндаҭларақәа рыпрограмма кьаҿ мҩаԥгахоит Пекин, жәабран 15 рзы.
Аӡынтәи аолимпиатә хәмаррақәа Пекин имҩаԥысуеит жәабран 4 - 20 рзы, урыстәылатәи аспортсменцәа Урыстәыла Аолимпиатә еилакы абираҟ иаҵагыланы иқәгылоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0