Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ аҿы Аԥсны Апарламент адепутатрахь даҽа 26-ҩык акандидатцәа ҭарҩит

© Sputnik / Томас Тхайцук ЦИК Абхазии
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Адепутатрахь акандидатцәа рҭаҩра хәажәкыра 2 рҟынӡа имҩаԥыслоит, иақәнагоу адокументқәа зегьы Алхратә комиссиа хадахьы инагатәуп жәабран 20 рҟынӡа.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Аԥсны Алхратә комиссиа хада (АКХ) аҿы ашәахьа жәабран 14 рзы иҭарҩит Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутрахь акандидатцәа даҽа 26-ҩык.
АКХ инаргаз адокументқәа анҭырҵаа ашьҭахь, иҭарҩит анаҩстәи акандидатцәа:
Алхратә ҭыԥ хада №1 (Араион ҿыц)
Кәыҵниа Гәында Сергеи-иԥҳа
Алхратә ҭыԥ хада № 3 (Аҳабла жәытә)
Дгьебиа Саид Тариел-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №4 (Аҩадатәи)
Чхьеиӡе Давид Гурам-иԥа
Асабуа Алиас Борис-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №6 (Агәантәи)
Ҭыжәба Константин Андреи-иԥа
Асланӡиа Алхас Оҭар-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №8 (Алашарбагатә)
Нарманиа Наур Геннади-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №9 (Мрагыларатәи)
Ԥлиа Давид Ҷыҷа-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №11 (Бзыԥтәи)
Анқәаб Артур Мирод-иԥа
Конџьариа Евгени Антипа-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №12 (Гагратәи)
Аршба Асҭамыр Борис-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №13 (Гагратәи ақалақьтә)
Барцыц Алхас Валикәа-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №16 (Дәрыԥшьтәи)
Ҷедиа Замир Авҭондил-иԥа
Џьуӷьелиа Асҭамыр Виачеслав-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №17 (Лыхнытәи)
Кобахьиа Фарид Мизан-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №19 (Гәдоуҭатәи аҩбатәи ақалақьтә)
Ҳагба Алхас Есмеҭ-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №21 (Афонҿыцтәи)
Быҭәба Мадина Нали-иԥҳа
Алхратә ҭыԥ хада №24 (Ԥшьаԥтәи)
Такмазиан Хачик Мигран-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №26 (Драндатәи)
Чачхалиа Елена Заур-иԥҳа
Алхратә ҭыԥ хада №27 (Баслахәтәи)
Лацәышба Григори Станислав-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №29 (Ҷлоутәи)
Ҭарба Асҭамыр Адик-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №31 (Кындыӷтәи)
Кокаиа Гарри Гурам-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №32 (Очамчыратәи)
Ҵәыџьба Милана Беслан-иԥҳа
Алхратә ҭыԥ хада №33 (Тҟәарчалтәи актәи)
Кмузов Аслан Борис-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №34 (Тҟәарчалтәи аҩбатәи)
Кәарҷиа Абесалом Алексеи-иԥа
Алхратә ҭыԥ хада №35 (Галтәи)
Сақаниа Лаша Нодар-иԥа
Уаанӡа жәабран 10 рзы АКХ аҿы иҭарҩит 83-ҩык Апарламент адепутатрахь акандидатцәа.
Зынӡа ажьырныҳәа 21 инаркны жәабран 10 рҟынӡа иҭаҩын аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и 15-ҩык акандидатцәа ықәзыргылаз аполитикатә партиақәа хәбеи. Урҭ зегьы жәбар шәылшоит абра.
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 рзы, иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Апарламент абыжьбатәи ааԥхьара ҳтәыла азакәанԥҵаратә политика аџьабаа азырбалоит иааиуа хәышықәса ирылагӡаны.
Абжьыҭаразы азин рымоуп абжьыҭара амш аҽнынӡа 18 шықәса зхыҵхьоу дарбанзаалак Аԥсны атәылауаҩ.
Ажәабжьқәа зегьы
0