Урыстәыла адәныҟаполитикатә концепциа аус адырулоит адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа азгәаҭан

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовседневная жизнь
Повседневная жизнь - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Анапаҵаҩра
Ииасыз амчыбжь азы Урыстәыла адәныҟаполитикатә концепциа иалацәажәан Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы.
АҞӘА, жәабран 14 - Sputnik. Урыстәыла адәныҟаполитикатә концепциа аус адырулоит адунеи аҿы иҟоу аҭагылазаашьа иаҿырԥшны ҳәа РИА Новости иазеиҭеиҳәеит Кремль ахаҭарнак Дмитри Песков.

"Ҳәарада, ҳадәныҟаполитикатә документқәа ԥсаххоит. Ишыжәдыруа еиԥш, мчыбжьык аԥхьа Ашәарҭадаратә хеилак алахәылацәа реилатәараҿы ҳадәныҟаполитикатә концепциа иазааҭгылан. Уи аус адулахоит. Иахьазы адунеи аҿы иҟоу иаҿырԥшхоит. Аҭагылазаашьа астатикатә ҟазшьа ацәыӡхьеит", - иҳәеит иара.

Песков иажәақәа рыла Урыстәыла адунеи атәылақәа зегь аус рыцура иазыхиоуп, ЕАА-и Европа атәылақәеи налаҵаны, аха еиҳарак аусеицура арҭбаар аҭахуп уи азы агәаҳәара ахьырбо атәылақәа рганахьала.
Песков иазгәеиҭеит европатәи атәылақәа ЕАА рыдҵақәа ирықәныҟәоит, дара рхатәы интересқәа ианырԥырхагоугьы ҳәа. Иҳәеит дшақәгәыӷуа Евроеидгыла (ЕЕ) ахатәы интересқәа аԥыжәара рнаҭап, адәныҟатәи аполитика амҩаԥгараҿы еиҳа исуверенхап ҳәа.
Виды Москвы - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.02.2022
Кремль аҿы еиҭарҳәеит Путини Баидени ҭелла еибырҳәаз атәы
Ажәабжьқәа зегьы
0