Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ақәшаҳаҭхеит COVID-19 азы алаҵа ҿыц аҭҵаара

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУральские ученые предложили препарат против коронавируса
Уральские ученые предложили препарат против коронавируса - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.02.2022
Анапаҵаҩра
Иахьатәи аамҭазы "омикрон" Урыстәыла арегионқәа зегь рыҟны иаарԥшуп, Аԥсны акәзар аҿкчымазара аизҳара аштамм ҿыц иадырҳәалоит.
АҞӘА, жәабран 16 - Sputnik. Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи Рцентр азин рынаҭеит акоронавирус чымазара азы авирус еиԥшу аҟәырҷаха злоу алаҵа ҿыц аклиникатә ԥышәарақәа ирылагарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аклиникатә ҭҵаарақәа рзы азин ҟазҵо ашәҟәынҵа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа Гамалеи ихьӡ зху Ацентр аиҳабы Александр Гинцбург иҳәахьан,, еиуеиԥшым "омикрони" "дельтеи" акоронавирус S-ахӡқәа злоу алаҵа аҭҵаарақәа мҩаԥыргоит ҳәа.

Аҭҵаарақәа хыркәшахоит 2022 шықәса анҵәамҭазы, уи рхы аладырхәоит 600-ҩык ауааԥсыра.
Аексперт иажәақәа рыла, ари алаҵа ахархәара аиур алшоит акоронавирус чымазара ахкҿыц цәырҵыргьы.
Врач осматривает ребенка - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Аҵарауаҩ "омикрон" ахәыҷқәа рҟны аҽшаанарԥшуа иҳәеит
Акоронавирус омикрон-штамм цәырҵит иаҳхысыз ашықәс анҵәамҭазы Аладатәи Африка атәылақәа рыҟны. Иара акыр еиҳа иццакны адунеи иалаҵәеит.
Иахьатәи аамҭазы "омикрон" Урыстәыла арегионқәа зегь рыҟны иаарԥшуп.
Аекспертцәа ишырԥхьаӡо ала, аҿкчымазара аԥзырҟәҟәауа, мамзаргьы имарианы иухызго алаҵаҟаҵара ауп.
Ажәабжьқәа зегьы
0