Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Урыстәылатәи аҳазалхырҭа Аԥснытәи автомашьынақәа рхархәараан аилагарақәа аанарԥшит

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТрасса М-4 "Дон"
Трасса М-4 Дон - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Анапаҵаҩра
Ишәам аҳазатә баџьқәеи ашәахтәқәеи рзеиԥш хыԥхьаӡара аа-миллионк иреиҳахеит.
АҞӘА, жәабран 17 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аидарамҩангаратә машьынақәа раҳасабала анаҩс ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара иазкуп ҳәа ЕАЕС аҵакырахь иҭагалаз Аԥсны ашәҟәы иҭаҩыз автомашьынақәа фба рбеит Ленинградтәи аобласт аҿы аҵыхәтәантәи шықәсыбжак аҩнуҵҟа ҳәа аанацҳауеит Санкт-Петербургтәи аҳазалхырҭа апресс-маҵзура.
Атранспорт хархәагақәа рымхын, азинеилагаҩцәа административтә ҭакԥхықәра иақәыршәан. Уи адагьы аилагарақәа руак аганахьала ашьаусҭҵаара хацыркын.

Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҳазалхратә закәанԥҵара инақәыршәаны аамҭала атранспорт хархәага алагалара азин рымоуп атранспорт зтәу ма иалазгалаз ахаҿы.

Абри аан автомашьынақәа ЕАЕС аҳәынҭқаррақәа рҵакыраҿы иҟазар ҟалоит аҳазатә баџь, ашәахтәқәа, иҷыдоу ахарҭәааратә шәарақәа мшәакәа.
Сигареты вместо подушек безопасности - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.02.2022
Аԥсны
Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит закәаншьаҭада аҳәаа иахыргоз аҭыҭынаалыҵи аҿырхиагақәеи
Аамҭала иалагалоу жәларбжьаратәи аидарамҩангаратә автомашьынақәа рхархәареи урҭ рхархәаразы аҽаӡәы азин иҭареи ҟалом.
Аԥҟарақәа реилагаразы ахараԥса ахшәаатәуп. Ахатәхаҿқәа рхараԥса 1500-2500 мааҭ ыҟоуп, амаҵзуратә хаҿқәа – 5000-20 000 мааҭ, аиуристтә хаҿқәа - 50 000 - 300 000 мааҭ.
Уи адагьы, аамҭала иалагалоу автомашьынақәа рхархәара аԥҟарақәа реилагара ма ахԥатәи ахаҿқәа рыҭара ЕАЕС аҵакырахь амашьына алазгалаз ахаҿы идырҵоит аҳазатә баџьи ашәахтәқәеи ршәара.
Контрабанда сигарет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Аԥсны
Аԥсуа-аурыс ҳәааҿы иаанкылоуп зақәаншьаҭада аҳәаа иахыргоз аалыҵ
Ажәабжьқәа зегьы
0