Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ауаатәыҩса рзы еиҳа ишәарҭоу ҳәа иаԥхьаӡо иалацәажәеит

© AFP 2023 / HANDOUTНа этом снимке НАСА, полученном 21 апреля 2020 г., показан вид Земли
На этом снимке НАСА, полученном 21 апреля 2020 г., показан вид Земли - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Иааҳакәыршан иҟоу аԥсабараз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара аҟазауаа ажәахә ркьыԥхьит - ауаатәыҩса рзы еиҳа ишәарҭоу ҳәа иаԥхьаӡо иалацәажәо.
АҞӘА, жәабран 18 - Sputnik. Аԥсабаратә мцакрақәа, еиҳа-еиҳа изызҳауа ашыкьыбжь, аԥсабаратә системаҿы абиологиатә циклқәа реиҭакра – арҭ ауаажәларра ахьаԥшра зырҭаша аекологиатә уадаҩрақәа ҳәа аҳәоит Иааҳакәыршан иҟоу аԥсабараз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Апрограмма (ИуНЕП) Frontiers ажәахә.

"Ажәахә аҿы ирзааҭгылоуп х-темак, инаҵшьны иазгәаҭоуп апланета зегь зымҽхазкуа акризис - аԥсабаратә мцакрақәа, еиҳа-еиҳа изызҳауа ашыкьыбжь, аԥсабаратә системаҿы абиологиатә циклқәа реиҭакра аҭыԥ ақәҵара шхымԥадоу", - ҳәа лҳәоит ИуНЕП анагӡаратә директор Ингер Андерсен.

Ажәахә инақәыршәаны ашыкьыбжь азҳара иахҟьаны Европатәи Аидгыла аҟны есышықәса 12 000-ҩык иаамҭаӡамкәан рыԥсҭазаара иалҵоит. Аиҳаракгьы арахь иаҵанакуеит ахәыҷқәа, абыргцәа. Уи адагьы ашыкьыбжь анырра бааԥс рнаҭоит аԥстәқәа, аԥсаатәқәа. Еиду амилаҭқәа реиҿкаара ааԥхьара ҟанаҵоит ақалақьқәа рхадарақәа ари аҭагылазаашьа зырԥсыҽша аинфраструктура аинвистициақәа адрыԥхьаларц.
Ажәахә аҿы иҳәоуп 2002 - 2016 шықәсқәа рыҩнуҵҟа есышықәса амцакрақәа ишрыҵаркуаз 423 миллион гектар адгьыл. Азԥхьагәаҭарақәа рыла ԥхьаҟагьы аҳауатә ҭагылазаашьақәа, абнақәа рыхшьаара, ақалақьқәа рҽырҭбаара уҳәа аԥсабаратә мцакрақәа рацәахоит. Иҟоуп агәаанагара ари 4400 рҟынӡа зыԥсы ҭоу ахкқәа ирԥырхагахоит ҳәа.
Уи адагьы аҵааршәқәа ӡыҭуеит, адгьылҳәазарақәа рацәахоит, аокеан аҿы аӡҵиаақәа шәҭуеит.
Ажәахә аҿы иҳәоуп аҳауа аҽеиҭакра аԥстәқәеи аҵиаақәеи рыԥсҭазааратә цикл ианыруеит ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0