Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Иаанкылоуп Урыстәылантәи Аԥсныҟа закәаншьаҭада иҭаргалоз афатә хаа

© Sputnik / Акоп Кущян Граница Абхазии и России с воздуха
Граница Абхазии и России с воздуха  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
Аидарамҩангага машьына Daimler-Benz, Урыстәылантә Аԥсныҟа амҩа иқәыз, аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аҿы иаанкылан.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik. Краснодартәи аҳазалхыҩцәа иааныркылеит Урыстәылантәи Аԥсныҟа закәаншьаҭада, ашәҟәы иҭагаламыз афатәаалыҵ ҳәа аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәачатәи апресс-маҵзура.
Атауар амҩаԥгаратә документқәа рыла амашьына иақәын жәа-тоннак инареиҳаны афатәаалыҵ.
Амашьына ангәарҭоз ирбеит адокументқәа рҿы иарбамыз атауаргьы:
аа-ҭоԥк апичение "Twix", "Snikers" (56 кьыла),
15 ҭоԥ акаҳуалых рыжәтә "Torabica cappuccino" (3600 пакет),
524 ҭоԥ агаз змоу арыжәтә "Coca Cola Classic" (6 288 л).
Аҳазалхырҭатә усбарҭа иазынашьҭын аҳәаа иахыргоз атауар азы ииашамыз адыррақәа.
Ииазгоз иҳәеит атауар Краснодартәи аҵәахырҭаҿы амашьына ишақәырҵаз, аха амҩан еиҭах иааихәаз атауар ашәҟәы арбара шихашҭыз.
Абри аганахь ала Краснодартәи аҳазалхырҭа административтә зинеилагара ҳәа аус хацнаркит.
Контрабанда сигарет - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.08.2021
Аԥсни Урыстәылеи рҳәааҟны изакәанымкәан иахыргоз аҭаҭынаалыҵ аанкылоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0