Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Пеле ицхәмархьаз аԥсуа ашьапылампыласҩы: Гьаргь Сыҷынаа 80 шықәса ихыҵит

© Foto / Предоставлено семьейГеоргий Сичинава в день 80-летия
Георгий Сичинава в день 80-летия - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Анапаҵаҩра
СССР аспорт жәларбжьаратәи акласс азҟаза, СССР ашьапылампыл азы ачемпион, VIII адунеи ачемпионат алахәыла, қарҭтәи "Динамо" ахьчаҩбжа Гьаргь Сыҷынаа диит 1942 шықәса жәабран 18 азы.
АҞӘА, жәабран 18 – Sputnik, Бадри Есиава. Ицәаԥшшәахәы аиқәара иахҟьаны иара даныхәыҷыз "Черныи" ҳәа иарҳәон. Ашьапылампыл азы аспорт азҟаза Гьаргь Сыҷынаа жәабран 18 азы 80 шықәса ихыҵит.
Sputnik акорреспондент даниҿцәажәоз аиубилиар иҳәеит 20 шықәса иқәра иагны ишибо, гәҭакысгьы ишимоу 120 шықәса нызҵыз иабду Сардион иаԥгара.
Иира амш раԥхьаӡа идылныҳәалеит иԥшәмаԥҳәыс Лиана, анаҩстәи адныҳәаларақәа ихшареи, иуацәеи, иҩызцәеи рҟынтәи. Аҳамҭақәа убриаҟара ирацәоуп рыԥхьаӡарагьы алшом ҳәа иҳәеит иаҳәшьаԥа.
"Иуҭахызар, уааи, еицаҳаԥхьаӡап", - длафуеит Сыҷынаа.
Иира амш иҭаацәа рыгәҭа амҩаԥгара игәы иҭоуп, аха убри аан иҭаауа зегьы дышреигәырӷьо иҳәеит.
Аспортсмен иԥшәмаԥҳәыс Лиана илҳәеит, идныҳәалара зҭаху шырацәаҩу, аха иҳақьым ихы ихьчаларц шиабжьигаз. Сыҷынаа адабла исхьеит, аҿкчымазара аамҭазы уи иҽацәихьчароуп.
© Foto / из архива Георгия СичинаваГеоргий Сичинава и Пеле после матча
Георгий Сичинава и Пеле после матча - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
"Аԥсны аспорт азы Аилак ахада Џьамал Гәбаз, ашьапылампыл азы афедерациа ахада Ҭарашь Ҳагба, ателехәаԥшра ахаҭарнакцәа аараны иҟан, аха аҳақьым иажәа ҳзахыԥом. Ус шакәугьы адныҳәаларатә шәҟәы, аиубилеитә ԥараҿырп, аспорт аветеран идырга, ашәҭшьыҵәрақәа изаарҭиит", - лҳәеит аиубилиар иԥшәмаԥҳәыс.
Сыҷынаа иажәақәа рыла игәалаҟазаара бзиоуп. Ҳәарада данҿаз аиԥш ақьафурҭа "Гагрыԥшь" изааигәоу ауаа икәыршаны иирамшныҳәа мҩаԥигар иҭахын.
"Ари гәахарахон, аха иԥштәуп. Сықәра зықәроу ауаҩы уаҵәтәи амш дазхәыцуазароуп. Макьаназы сҭаацәа сырҭахуп", - иҳәеит иара.
© Foto / Комитет по делам Молодежи и спорта Абхазии Георгий Сичинава
Георгий Сичинава - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Аиубилиар иаҳәшьаԥацәа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Ҵышәбеи, уи иашьа Гагра араион аспорттә еилакы ахантәаҩы Асҭамыри мааир ргәы иамуит, ҳамҭасгьы ирҭеит 500 аԥсари, ашәҭқәеи, арыжәтәи.
"Ҳхәыҷра абжа ари аҩнаҿы иаҳхаагеит. Иара еснагь алаф аҵаҵаны дцәажәон, угәалаҟазаара шьҭихуан. Уаниҿцәажәо ахаангьы 80 шықәса дырҭоуп ҳәа узҳәарым", - ҳәа рҳәеит дара.
© Foto / из архива Георгия СичинаваГеоргий Сичинава и Пеле после матча
Георгий Сичинава и Пеле после матча - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Гьаргь Сыҷынаа диит 1942 шықәса жәабран 18 азы Гагра. Даныхәыҷыз аҳәаҟьареи ашьапылампыли инапы рылакын. Аҳәаҟьара аганахь ала, Қырҭтәыла дачемпионын, 1959 шықәсазы Қырҭтәыла еизгоу акоманда далахәны СССР жәлар р-Спартакиада далахәны Москва дықәгылеит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы қарҭтәи "Динамо" ахьчаҩбжас дыҟан, ашьапылампыл азы СССР еизгоу акоманда далахәылан. 1962 шықәсазы СССР ачемпионат аҿы ахԥатәи аҭыԥ никылеит, 1964 рзы СССР дачемпионхеит.
© Foto / из архива Георгия СичинаваГеоргий Сичинава и Пеле после матча
Георгий Сичинава и Пеле после матча - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
1961, 1962, 1966 шықәсқәа рзы "СССР иреиӷьу 33 шьапылампыласыҩ" ҳәа далкаан. 21 шықәса анихыҵуаз Сыҷынаа қарҭтәи "Динамо" азы 118 хәмарра мҩаԥигахьан.
1965 шықәсазы СССР еизгоу акомандеи Бразилиа еизгоу акомандеи Москва аиҩызаратә хәмарра мҩаԥыргеит. Абри ахәмарраан Сыҷынаа алегендартә шьапылампыласыҩ Пеле диҿагылан дыхәмаруан.
Гьаргь ишигәалаиршәо ала Пеле ишьапыбжьара ампыл быжьиршәеит, Пеле уи аҭакс инапы дҩахеит.
© Foto / Комитет по делам Молодежи и спорта Абхазии Георгий Сичинава
Георгий Сичинава - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Ажәабжьқәа зегьы
0