https://sputnik-abkhazia.info/20220220/karia-zhlar-ryriara-atsentr-syntati-abiuet-azy-sagyuamyzt-agragy-syzgom-1037675505.html
Кәарҷиа Жәлар рырҿиара ацентр сынтәатәи абиуџьет азы: сақәгәыӷуамызт, агәрагьы сызгом
Кәарҷиа Жәлар рырҿиара ацентр сынтәатәи абиуџьет азы: сақәгәыӷуамызт, агәрагьы сызгом
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр иазоужьхоит 2,5 миллион мааҭ. Уи шалыршахаз арадио Sputnik аефир аҟны... 20.02.2022, Sputnik Аҧсны
2022-02-20T11:40+0300
2022-02-20T11:40+0300
2022-02-20T11:52+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/14/1037675479_0:0:1280:721_1920x0_80_0_0_4c1e7a8f48e54be5b7ff867234544927.jpg
Кәарҷиа Жәлар рырҿиара ацентр сынтәатәи абиуџьет азы: сақәгәыӷуамызт, агәрагьы сызгом
Sputnik Аҧсны
Кәарҷиа Жәлар рырҿиара ацентр сынтәатәи абиуџьет азы: сақәгәыӷуамызт, агәрагьы сызгом
Аԥсны Апарламент 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы жәабран 17 рзы имҩаԥысыз аилатәараан. Ареспубликатә биуџьет сынтәа иагәылалеит даҽа хәҭаҷкгьы. 2,5 миллион мааҭ абиуџьет аҟынтәи ирырҭоит Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр аныҟәгаразы. Ари ахҭыс дазааҭгылеит Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьыньтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ацентр иахәҭаз хылаԥшра амамкәа ишыҟаз."Жәлар рырҿиара ацентр иахьа маҷк иатәарымбошәа иҟоуп, аха иҟан аамҭақәа асовет ҳәынҭқарра аныҟаз, уи аҵакы аилкаара, аҳаҭыр анамаз. 36-ҩык аусуцәа ҳаҟан, 4-5 машьына ҳаман, 242 культуратә хәышҭаарақәа Аԥсны еиҿкааз рымаҵ ҳуан. Амилаҭтә хаҿра змам, атрадициатә культура еиқәзмырхо, уи змырҿио милаҭны изыҟалом. Атрадициатә культура амилаҭ ахаҿроуп, уи еилкааны уазымныҟәар, аҵла адац ҩар, абыӷьгьы каԥсоит. Жәлар рырҿиара ҳкультура адац ауп. Абри аилкаара амамызт. Даҽаӡәы игәы каҳаны, инапы ҟьаны даԥырҵуа жәбап, аха иҟами ачымазцәа, зус зегь реиҳа ихадоушәа зыԥхьаӡо, иҟалап убарҭ среиуазар сара. Досу дызҿу иус убас иԥхьаӡозароуп", - иҳәеит Кәарҷиа.Иара иазгәеиҭеит Жәлар рырҿиара ацентр аныҟәгара абиуџьет аҟны иарбахоит ҳәа дшақәымгәыӷуаз, иахьагьы агәрагара шицәыуадаҩу.Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/02/14/1037675479_72:0:1209:853_1920x0_80_0_0_e8c363b51aa7e84e14efdea2bb6d8cbc.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Кәарҷиа Жәлар рырҿиара ацентр сынтәатәи абиуџьет азы: сақәгәыӷуамызт, агәрагьы сызгом
11:40 20.02.2022 (ирҿыцуп: 11:52 20.02.2022) Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи Иван Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр иазоужьхоит 2,5 миллион мааҭ. Уи шалыршахаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Аԥсны Апарламент 2022 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет шьақәнарӷәӷәеит аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы жәабран 17 рзы имҩаԥысыз аилатәараан. Ареспубликатә биуџьет сынтәа иагәылалеит даҽа хәҭаҷкгьы. 2,5 миллион мааҭ абиуџьет аҟынтәи ирырҭоит Кортуа ихьӡ зху Жәлар рҟазара ареспубликатә центр аныҟәгаразы. Ари ахҭыс дазааҭгылеит Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.
Иара иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьыньтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи ацентр иахәҭаз хылаԥшра амамкәа ишыҟаз.
"Жәлар рырҿиара ацентр иахьа маҷк иатәарымбошәа иҟоуп, аха иҟан аамҭақәа асовет ҳәынҭқарра аныҟаз, уи аҵакы аилкаара, аҳаҭыр анамаз. 36-ҩык аусуцәа ҳаҟан, 4-5 машьына ҳаман, 242 культуратә хәышҭаарақәа Аԥсны еиҿкааз рымаҵ ҳуан. Амилаҭтә хаҿра змам, атрадициатә культура еиқәзмырхо, уи змырҿио милаҭны изыҟалом. Атрадициатә культура амилаҭ ахаҿроуп, уи еилкааны уазымныҟәар, аҵла адац ҩар, абыӷьгьы каԥсоит. Жәлар рырҿиара ҳкультура адац ауп. Абри аилкаара амамызт. Даҽаӡәы игәы каҳаны, инапы ҟьаны даԥырҵуа жәбап, аха иҟами ачымазцәа, зус зегь реиҳа ихадоушәа зыԥхьаӡо, иҟалап убарҭ среиуазар сара. Досу дызҿу иус убас иԥхьаӡозароуп", - иҳәеит Кәарҷиа.
Иара иазгәеиҭеит Жәлар рырҿиара ацентр аныҟәгара абиуџьет аҟны иарбахоит ҳәа дшақәымгәыӷуаз, иахьагьы агәрагара шицәыуадаҩу.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.