XXIV аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа хыркәшоуп

© Sputnik / Pavel Bednyakov / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗолотая медаль в руках российского спортсмена на церемонии награждения победителей в эстафете 4x10 км среди мужчин в соревнованиях по лыжным гонкам на XXIV зимних Олимпийских играх 2022
Золотая медаль в руках российского спортсмена на церемонии награждения победителей в эстафете 4x10 км среди мужчин в соревнованиях по лыжным гонкам на XXIV зимних Олимпийских играх 2022 - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2022
Анапаҵаҩра
Аолимпиатә хәмаррақәа рхыркәшара иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Пекин Амилаҭтә стадион аҿы амҽыша жәабран 20 рзы.
АҞӘА, жәабран 20 - Sputnik. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы ахада Томас Бах XXIV Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа хыркәшоуп ҳәа рылеиҳәеит, аолимпиатә мца дырцәеит, абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.
Аолимпиада ахыркәшара ацеремониа мҩаԥысит аспортсменцәа рҿаԥхьа, уи иалахәын Урыстәыла еизгоу акомандагьы, Урыстәыла Аолимпиатә еилакы абираҟ кны дымҩасуан ашәаҩатә еиԥхныҩларазы аолимпиатә хәмаррақәа рҟны хынтә ахьтәы медал иаиааихьоу Александр Большунов.

Аолимпиатә хәмаррақәа-2022 раан урыстәылатәи акоманда зынӡа 32 медал иаиааит (ахьы - фба, араӡны -12, аџьаз - 14). Амедалқәа рзеиԥш хыԥхьаӡарала Урыстәыла аҩбатәи аҭыԥ ааннакылеит, норвегиатә аокманда ашьҭахь (37).

Амедалқәа рхаҭабзиарала акәзар (ахьтәы медалқәа шаҟа ириааиз иаҿырԥшны), Урыстәыла ажәбатәи аҭыԥ аҿы игылоуп.
XXV аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа мҩаԥысраны иҟоуп жәабран 6-22 рзы Милани Кортина-д'Ампеццои ақалақьқәа рҿы.
Церемония открытия Олимпиады в Пекине - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.02.2022
Аԥсны
Аӡынтәи Аолимпиатә хәмаррақәа Пекин ишаартыз
Ажәабжьқәа зегьы
0