Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны АҶА еиҿнакаауеит Донбассынтәи ахҵәацәа раагара

© Sputnik / Томас Тхайцук Машины МЧС Абхазии
Машины МЧС Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа амчратә усбарҭақәа рҿаԥхьа аусдҵақәа ықәиргылеит ДЖәРеи ЛЖәРеи рҟны иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы.
АҞӘА, жәабран 21 – Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра Донбассынтәи иқәҵыз ауааԥсыра ҳреспубликахь раагара аус еиҿнакаауеит ҳәа аҳәоит аусбарҭа асаит.
АҶА аминистр Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, аусбарҭа аусуҩцәа Донецки Лугански рахь амҩа ақәлара рҽазыҟарҵоит атәылауаа Аԥсныҟа раагаразы.
Уи адагьы ахҵәацәа ахьаангылаша аҭыԥқәа еиҿыркаауеит.
Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы Донбасс аҭагылазаашьа цәгьахеит — Киев уаанӡа анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭрақәа азхьаԥшра рнаҭом, аинырратә цәаҳәахьы ар аднагалоит, ахысрақәа мҩаԥнагоит, ззин ыҟам абџьар алагьы.
Аслан Бжания  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа ДЖәРеи ЛЖәРеи рҭагылазаашьа инамаданы амчратә усбарҭақәа анапынҵақәа риҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0