Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания на пресс-конференции
Аслан Бжания на пресс-конференции  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада, Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш ахьӡала адныҳәалара ҟаиҵеит.
АҞӘА, жәабран 23 – Sputnik. Аслан Бжьаниа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит, аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Ҳаҭыр зқәу Арбџьармчқәа рветеранцәа, арратә еилазаара, атәылауаа, Аԥсны ауааԥсыра зегьы! Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш шәыдысныҳәалоит! Жәабран 23 - ахаҵара, агәымшәара, ауалԥшьа анагӡара ирсимволны иҟоуп. Арҭ хәызмаӡам аҟазшьақәа абиԥарақәа еимырдоит, ахаангьы рҵакы ыӡраны иҟам", - аҳәоит адныҳәалара атекст.

Акомандаҟаҵаҩ хада иазгәеиҭеит, ари амш азы ҳаҭырла адныҳәаларақәа шырзыркуа аррамаҵзура зыԥсҭазаара азызкыз, аҳәынҭқарреи ажәлари рҭынчреи ршәарҭадареи знапы иану.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлар рыхьчаҩцәа ргәы рыладууп, ахааназ ирхадыршҭраны иҟам атәыла уаҵәтәи аԥеиԥш азы зхы-зыԥсы иамеигӡаз, уи зхы ақәызҵаз", - иҳәеит Бжьаниа.
Ахада атәылауаа ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыӷьара.
Ажәабжьқәа зегьы
0