Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа Ҟрым атеракт аԥдырҟәҟәааит

© Sputnik / ФСБ РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФСБ РФ пресекла деятельность подпольных оружейных мастерских
ФСБ РФ пресекла деятельность подпольных оружейных мастерских - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.02.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ззин ыҟам аекстремисттә еиҿкаара "Правый сектор" адгылаҩцәа аанкылан Ҟрым ауахәамаҿы, дара атеракт аздырхион.
АҞӘА, жәабран 23 - Sputnik. Ашәарҭадараз Афедералтә маҵзура аусзуҩцәа Ҟрым аекстремисттә еиҿкаара "Правый сектор"* иазнархиоз атеракт аԥдырҟәҟәааит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости АШәМ адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Адырраҭараҿы иҳәоуп ишаанкылоу фҩык Урыстәыла атәылауаа, Урыстәыла ззин ыҟам аекстремисттә еиҿкаара "Правый сектор"* адгылаҩцәа. Дара Ҟрым ауахәамақәа руак аҿы ауаа рыршәаразы артҟәацга ашьҭаҵара рҽазкны иҟан.
АШәМ иаанкылаз руаӡәк имашьынргыларҭаҿы ирыԥшааит артҟәацга ахәҭақәа, иара архиаразы абжьгарақәа, аиҿкаара "Правый сектор"* асимволика. Иара убасгьы иԥшаан атеракт аиҿкаашьа аҽазыҟаҵарақәа шцоз аазырԥшуа ашәҟәқәа.
Иаанкылоу ацәгьоуцәа рганахь ала иахәҭоу апроцессуалтә ӡбарақәа рыдыркылоит.
*Урыстәыла ззин ыҟам аекстремисттә еиҿкаара.
Ажәабжьқәа зегьы
0