Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ашәуа аинвалидцәа рфонд абиуџьеҭ азы: ҩышықәса раахыс ҳаихьӡо ҳаауеит

Ашәуа аинвалидцәа рфонд абиуџьеҭ азы: ҩышықәса раахыс ҳаихьӡо ҳаауеит
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 2022 шықәсазы ирзышьақәырӷәӷәоу афонд аныхтәқәа ртәы.
Аԥсны афондқәа рбиуџьет рыдкылан Аԥсны Жәлар реизара иҳаҩсыз аилатәараҿы. Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд азы сынтәа иазоушьҭын 25 миллион мааҭ еиҳаны ҵыԥх аасҭа, иҳәеит Ашәуа арадиоефир аҿы.
"Ҵыԥх иҳамаз аԥара ҳазхеит, хәыҷык инахыҳәҳәаны ари ашықәс ахь ииасыз ыҟоуп. 166 миллион арбоуп сынтәазы, ҵыԥх аасҭа 25 миллион мааҭ иацҵоуп. Аԥарақәа ахьцо зегьы ашәҟәы ианҵаны иҳамоуп: аматериалтә-социалтә цхырааразы 15 миллион мааҭ арбоуп, аҽыхәшәтәразы - 32 миллион, ахаԥыцҟаҵаразы 15 миллион мааҭ, х-миллион мааҭ арбоуп агәабзиара аиҭашьақәыргыларазы иаҭаху амаругақәа рзы, ахәшәқәа рзы 47 миллион мааҭ. Зымаха зышьаха змам рзы апротезқәа рыҟаҵаразы 2 миллионк. Иара убас агоспиталь аҿы амаругақәа раахәаразы 8 миллион мааҭ ҳҭахуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ашәуа.
Ашәуа хаҭала дазааҭгылеит аинвалидцәа Урыстәыла ицаны рыхәшәтәразы аԥара шроуа аус атәы, иҳәеит, есымчыбжьа акомиссиа шеилатәо арзаҳалқәа рыхәаԥшразы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0