Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәа рзы апсихиатриатә цхыраара аҟамзаара иазкны

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Џьынџьалԥҳа аҳәыҷқәа рзы апсихиатриатә цхыраара аҟамзаара атәы
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟам ахәыҷқәа ацхыраара рызҭаша иҷыдоу апсихиатриатә маҵзура. Иабанӡаныԥшуа уи аҟамзаара, иарбан уадаҩрақәоу ицәырнаго, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит, Аԥсны ахада иҿы иҟоу ахәыҷы изинқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳа.
Агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Аԥсны ахада иҿы иҟоу ахәыҷы изинқәа рзы Аусбарҭа аиҳабы Мактина Џьынџьалԥҳаи Аԥсны ахәыҷтәы гәабзиарахьчара иамоу ауадаҩрақәа ирылацәажәеит, убри аан Џьынџьалԥҳа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи аԥсихиатриатә цхыраара рызҭо амаҵзурақәа рыҟамзаара азҵаара шьҭылхит.
Арадиоефир аҿы Џьынџьалԥҳа еиҭалҳәеит ахәыҷқәа аҿиара ҷыда змоу рцәа иалоу заанҵы адырразы ауадаҩрақәа шыҟоу.
"Ахәыҷтәы психиатр атәылаҿы дахьыҟам азы иҷыдоу школ ахь ирышьҭуеит ахәыҷәа уахь зынӡа зышьҭра аҭахымгьы. Ахәыҷы даныхәыҷу имоу ачымазара ииашаны иҭҵааны, иаҭаху ахәшәтәра аниоу, анаҩс дандухалак уи ахәшәтәра иҭаххазом. Иахьатәи аамҭаз иҟаӡам атәылаҿы ахәыҷтәы апсихиатрцәа. Агәабзиарахьчара аминистр идыруеит иҟоу ауадаҩрақәа , иара аҳәара ҟаиҵоит амедициантә ҵараиурҭақәа рҿы иҭоу аԥсуа студентцәа ахәыҷқәа ирыдҳәалоу иҳамаз аспециалистцәа рыла рҵара иацырҵартә еиԥш", - ҳәа лҳәеит Џьынџьалԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0