Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа диԥылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусқәа аамҭалатәи агәрага

© Foto / Facebook/Посольство России в АбхазииВременный поверенный в делах Российской Федерации в Республике Абхазия М.В.Литвинов встретился с Президентом Республики Абхазия А.Г.Бжания
Временный поверенный в делах Российской Федерации в Республике Абхазия М.В.Литвинов встретился с Президентом Республики Абхазия А.Г.Бжания - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәынмза 2021 шықәса инаркны Максим Литвинов Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ инапынҵақәа наигӡоит.
АҞӘА, жәабран 25 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа диԥылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусқәа аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа.
Аганқәа алацәажәеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа ртәы. Иара убас, хаз игоу аԥсуа-аурыс усеицуразы азҵаарақәа.
Иазгәаҭоуп, аицәажәара шымҩаԥысыз аиҩызареи аилибакаареи аҟазшьа аманы.
Под председательством Президента Аслана Бжания проходит заседание Совбеза Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.02.2022
Аԥсны
Бжьаниа украинатәи аҭагылазаашьа далацәажәеит Ашәарҭадаратә хеилак аилатәараҿы
Ԥхынҷкәынмза 2021 шықәсазы Аԥсны иҟаз Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин имаҵура ҭыԥ аанижьит. Иара инапынҵақәа аамҭала инаигӡоит адипмиссиа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Ажәабжьқәа зегьы
0