Молдавиа Sputnik аусура ааныркылеит

© SputnikSputnik Молдова
Sputnik Молдова  - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.02.2022
Анапаҵаҩра
Молдавиа иҟоу жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik асаит, анаҩс арадио аусура ааныркылеит.
АҞӘА, жәабран 26 – Sputnik. Sputnik Молдавиа аредакциа атәыла аиҳабыра рҟынтәи адырра роуит жәабран 26 инаркны асаит шадыркуа, хәажәкыра 7 инаркны арадиогьы шадыркуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Хәажәкыра 7 инаркны ҳсаит шадыркуа азы адырра ҳауит, иадыркуеит амолдаван, аурыс, арумын бызшәақәа рсаит", - ҳәа аанацҳауеит Sputnik Moldova аредакциа.
Уаанӡа, Молдавиа Ашәарҭадареи аинформациеи русбарҭа ахатәы саит аҟны адҵа ркьыԥхьхьан Sputnik налаҵаны ҩ-хыҵхарҭак шадыркуа азы.
"Жәабран 26 рзы Ашәарҭадареи аинформациеи русбарҭа аиҳабы адҵа ҟаиҵеит, иҟоу аҭагылазаашьа аамҭазы аибашьра амца ацразҵо аинформациа алазырҵәо ҩ-хыҵхырҭак аркра шазԥхьагәаҭоу. Убас ала, апорталқәа www.sputnik.md, www.gagauznews.md аркра ақәшәоит", - ҳәа аҳәоит Ашәарҭадаратә усбарҭа асаит.
Ажәабжьқәа зегьы
0