Ростуризм урыстәылатәи атуристцәа аҳәаанырцәынтәи раагара еиҿнакаауеит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота аэропорта Шереметьево
Работа аэропорта Шереметьево - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла иадҟарҵалаз асанкциақәа иреиуоуп урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы рҵакырақәа раркра.
АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Ростуризми Атранспорт азы аминистрреи, Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ атәылақәа рҿы иҟоу урыстәылатәи атуристцәа агуманитартә хырхарҭақәа рыла раагара еиҿыркаауеит ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко иажәақәа шьаҭас иганы.

Уи адагьы, Чернышенко Ростуризми акорпорациа "Туризм.рф" рнапы ианиҵеит атәыла аҩнуҵҟа аԥхынтәи атуристтә еилахәра аиҿкаара, атуристтә ргыларақәар рзы агрантқәа рыҭара асистема аус адулара.

Чернышенко иара убасгьы иҳәеит, атуроператорцәа Урыстәыла асанкциақәа адҟазҵалаз атәылақәа рахь атурқәа рыҭира ааныркыларц.
Урыстәыла атуроператорцәа рассоциациа (АТОР) аинформациала аҳәаанырцә иҟоуп 150 000-ҩык урыстәылатәи атуристцәа.
Урыстәыла иадҟаҵалоу асанкциақәа инарықәыршәаны европатәи атәылақәа реиҳараки Канадеи рҳаиртә ҵакырақәа аркуп урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы.
Международный аэропорт в Сочи - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евроеидгыла урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркит
Ажәабжьқәа зегьы
0