Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аминистрцәа реилазаара анефҭаалыҵқәа рыҭиратә цҵа зыԥҵәақәа шьақәнарӷәӷәеит

© SputnikЗаседание Кабинета Министров Абхазии
Заседание Кабинета Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Азнеишьа ҿыц иалнаршоит ианаамҭоу урыстәылатәи аџьармыкьаҿы ахәқәа реиҭакра азхьаԥшра: ианышьҭыҵуагьы ианкаҳауагьы.
АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аминистрцәа реилазаара анефҭаалыҵқәа рыҭиратә цҵа зыԥҵәақәеи иааидкылани акакалеи рыхәԥсақәа рхархәареи шьақәнарӷәӷәеит.
Аиҳабыра рықәҵарала 2022 шықәса лаҵара 1 аҟынӡа абензин АИ-92 ацҵатә зыԥҵәа 6-14 %, адизельтә былтәы ацҵатә зыԥҵәа 2-5 % рҟны ишьақәыртәахоит.

"Ишыжәдыруа еиԥш анефҭаалыҵқәа рџьармыкьаҿы аҭагылазаашьа уеигәырӷьартә иҟам. Ари зыхҟьо аекономикатәии аполитикатәии аҭагылазаашьақәа роуп. 2022 шықәса иаалагазар ашәахтәқәҵара аԥҟарра аҽаԥсахит, Урыстәыла иҵырхуа ахазынарақәа ршәахтә иацҵоуп, ирыцҵоуп акцизтә зыԥҵәақәа. Абри инадҳәаланы аџьармыкьаҿ абиржатә индексқәа шьҭыхуп", - лҳәеит аекономика аминистр Кристина Озган.

Иахьазы Аԥсны иҟоу анефҭаалыҵқәа рџьармыкьа аҭышәнартәалара аформа актуалра ацәыӡит ҳәа лҳәеит лара.
"2021 шықәсазы ахәқәа рыԥсахра ҳаналацәажәоз, Аекономика аминистрра анапы ианҵан аиҳабыра аҽа хәԥсеиҿкааратә формак рыднагаларц", - ҳәа лҳәеит аминистр.
Ахәқәа рыԥсахра аформа ҿыц иҳәаақәнаҵалоит анефҭаалыҵқәа рыхәцҵақәа хыхьтәи рцәаҳәа аахәаратә хәыԥсақәа азгәаҭаны ҳәа лҳәеит Озган.
"Аԥхьатәи ахәыԥса анырра ахьаҳзамҭо азы, уи Урыстәылатәи Афедерациаҿы ишьақәдыргылоит, иҳаазырхәо ишьақәгылоу ахәԥса ахылаԥшра аҳҭалароуп. Ахылаԥшра аҳҭалоит аалыҵқәа ҳааазырхәо аилахәырақәа рлагалатә ҩаӡара, анефҭаалыҵқәа рыҭираан ацҵақәа хыхьтәи рцәаҳәа", - ҳәа лҳәеит аекономика аминистр.
Рост цен на бензин в России - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.12.2021
2022 шықәсазы Урыстәылантәи Аԥсныҟа баџьда абылтәы шаҟа аарышьҭуа азгәаҭоуп
Ари аҩыза амеханизм ахархәара зыда ԥсыхәа ыҟам акәны дахәаԥшуеит Кристина Озган ааԥхьарагьы ҟалҵеит Аминистрцәа реилазаара алахәылацәа рахь ақәҵара адгылара арҭарц.
Ажәабжьқәа зегьы
0