Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ауадҳара иахьаҵанакуа асыԥса леин, ахьшьцәа рыҩнқәак хнаҩеит

© Sputnik / Виктор Панов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДорога на озеро Рица зимой
Дорога на озеро Рица зимой - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк аҵакырҭаҿы, Лашԥсы аӡиас ааигәара ҩымчыбжьа раԥхьа асыԥса леиит.
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ауадҳара иахьаҵанакуа асыԥса леит, ахьшьцәа рыҩнқәак хнаҩеит ҳәа иҳәеит Риҵатәи амилаҭтә парк адиректор Адамыр Багаҭелиа.
"Асыԥса леит, аха апансионат "Ауадҳара" аҿы акәым, аӡиас Лашԥсы аладахьы ауп. Ахьшьцәа рыҩнқәа ҩба хнаҩеит ҳәа иаадыруеит. Асы аҿыгҳара дууп, макьаназ иҟанаҵаз аԥхасҭа атәы ҳазҳәом", - ҳәа иҳәеит иара.
Багаҭелиа иҳәеит асыԥса жәабран аҽеиҩшамҭазы ишлеиз. Асыԥса аҩнқәа рыхҩара адагьы иқәнагазаргьы ҟалоит. Дара зхатәу макьаназ апарк анапхгарахь идымҵаалацт. Урҭ аҭыԥ ахь изымнеицзар ҟалоит асы ахьдуу азы.
Апарк адиректор иҳәеит аҵыхәтәантәи амчыбжь азы Риҵаҟа ицо амҩаҿгьы идумыз асыԥсақәа шлеиз, урҭ шықәыргахьоу. Уажәы аӡиахьы иарбанзаалак атранспорт халоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0