Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Баиден: ЕАА урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркуеит

© Sputnik / Михаил Голенков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота аэропорта в Калининграде
Работа аэропорта в Калининграде - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Мраҭашәараҿы Урыстәыла аганахьала асанкциақәа еиҳа-еиҳа идырӷәӷәоит, Донбасс ахьчаразы аоперациа ҷыда инадҳәаланы. Аекономикатә уснагӡатәқәа рыдагьы, асанкциақәа рыдҟаҵалоуп атәыла ахада, аминистрцәа, адепутатцәа, ажурналистцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 2 - Sputnik. ЕАА урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы аҳауатә еимадара анаркуеит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит америкатәи ахада Џьо Баиден, аконгресс аҿы дықәгыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
Ахада есышықәса аконгресс ахь инашьҭымҭа аҩнуҵҟатә политикоуп изызку, аха уажәы иара Украина аҭагылазаашьа алацәажәара ала далагеит.

"Иахьа ишәасҳәоит, ҳҩызцәа егьырҭ реиԥш, америкатәи аҳауатә ҵакыра шаҳаркуа урыстәылатәи аҳаирпланқәа рзы, рекономика еиҳагьы ақәыӷәӷәара шаҳҭо", - иҳәеит иара.

Иазгәаҭоуп, аԥкрақәа рахь ишаҵанакуа ачартертә реисқәагьы. Абри аҩыза аинформациа ҟанаҵеит америкатәи атранспорт аминистрра.
Уаанӡа ЕЕ аҳаиртә ҵакыра анаркхьан Урыстәылазы. Аҭахкааратә политикеи аекономикатә санкциақәеи Урыстәыла аганахьала ирылагеит Владимир Путин донбасстәи ареспубликақәа рхьыԥшымра аназхаиҵа ашьҭахь.
Уи адагьы аилахәыра Boeing урыстәылатәи авиаеилахәырақәа рымаҵ аура мап ацәнакуеит.
Саммит ЕС в Брюсселе - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Евроеидгыла Урыстәыла Абанк иадҟанаҵалаз асанкциақәа амчра роуит
Ажәабжьқәа зегьы
0