Ҟәыбина QR-кодқәа аԥырхит

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроверка QR-кодов в ТЦ Екатеринбурга
Проверка QR-кодов в ТЦ Екатеринбурга - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Краснодартәи атәылаҿацә аҿы аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа рырԥсыҽра ахәҭаны иазырԥхьаӡеит.
АҞӘА, хәажәкыра 3 –Sputnik. Ауаа рацәа ахьнеиуа аҭыԥқәа рҿы QR-кодқәа рҭахра аԥырхуеит Ҟәыбан хәажәкыра 4 инаркны. Абри атәы иҩуеит агубернатор Вениамин Кондратьев Telegram-канал аҿы.

"Уажәы атәылаҿацә аҿы алаҵа шузыҟаҵоу азы QR-кодқәа аҭахуп асасааирҭа аҩналараан, акрыфарҭақәа рҭаарааан, абзазаратә маҵзуратә хыбрақәа, ахәаахәырҭақәа, атеатрқәа, акинотеатрқәа, ацәыргақәҵақәа рахь анеираан. Аӡбра ҳадаҳкылеит иҟоу аԥкрақәа хәажәкыра 4 инаркны иаанкылазарц", - иҩуеит агубернатор.

Уи адагьы арегион аҿы идырԥсыҽуеит егьырҭ аковидҿагыларатә уснагӡатәқәа. Хәажәкыра 14 инаркны иаатуеит фуд-кортқәа, ахәыҷтәы хәмарырҭақәа.
Убри аан, макьаназы ишыҟац иааныжьуп ауаа рацәа злахәу ауснагӡатәқәа рыҟны 500 иреиҳамкәа аҟазаара.
Арегионалтә аоперштаб аилатәара мҩаԥысит аԥшьаша. Алахәылацәа иазгәарҭеит аепидемҭагылазаашьа аиӷьхарахь ахы шархаз, ахәшәтәырҭақәа рахь инарго шеиҵахаз. Уажәазы иҭацәуп 26% аиара-ҭыԥқәа. Ус шакәугьы макьаназ зынӡак аԥкрақәа рхыхра иалацәажәам.
Ажәабжьқәа зегьы
0