Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәлар рмузыка арҳәагақәа роркестрқәа рфестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Музыкальный фестиваль Апхьарца
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәлар рмузыка арҳәагақәа рфестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит хәажәкыра ҩба азы, уи иалахәын Аԥснытәи аинструменталтә ансамбльқәа быжьба. Раԥхьаӡа акәны афестиваль "Аԥхьарца" мҩаԥысит 2011 шықәсазы.
АҞӘА, хәажәкыра 2-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Иван Кортуа игәалашәара иазку аԥсуа жәлар рмузыка арҳәагақәа роркестрқәа XI рреспубликатә фестиваль "Аԥхьарца" аконцерт мҩаԥысит аҳәынҭқарратә филармониаҟны.
© Sputnik / Томас Тхайцук Музыкальный фестиваль Апхьарца
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Музыкальный фестиваль Апхьарца
Жәлар ринструментқәа рфестиваль "Аԥхьарца" хықәкыс иамоу арҳәагақәа реиқәырхареи рӡыргареи ауп, иҳәеит афестиваль анапхгаҩы, Иван Кортуа ихьӡ зху Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиа.

"Ҳара еснагь хықәкыс иҳамоу, ҳабдуцәа урҭ рабдуцәа иаҳзынрыжьыз ахьыршәыгә мырӡкәа аҿар рахь анагара, агәыблра дыркара ауп. Афестиваль есышықәса имҩаԥаҳгон, аха апандемиа иахҟьаны ҵыԥхь имҩаԥаҳгартә еиԥш алшара ҳамамызт. Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿын, ақәгылара алшара анҳаулак ҳахҩазарц азыҳәаны, ус иагьыҟалеит, азин анҳау аамҭа ҳхы иархәаны иаразнак аконцерт аиҿкаара ҳнапы алаҳкит", - ҳәа иҳәеит Кәарҷиа.

Кәарҷиа дазааҭгылеит, хәымз раахыс еиҿкааны ирымаз аоркестр апандемиа иахҟьаны иалҵыз алахәылаҩцәа ҟалеит, аха ргәы камыжькәан аиҭаҿиара напы адыркит:
"Итрадициахаз ҳфестиваль ихадоу аҟазара иахәҭакуп, жәлар рмузыка арҳәагақәа агәыгәҭыжьра ҟалаӡом, ҳаиҳабацәа иаҳзынрыжьыз абеиара еихаҳҳароуп. Ҳаԥхьаҟа ҳгәы иҭоуп аоркестр ҿыц аԥҵара, агәахәара зҭаху аҿар ҳамоуп. Ансамбль аиҿкаара иақәнагоу аинструментқәа зегьы аахәаны иҳамоуп", - иҳәеит иара.
Аконцерт исасны иаҭан Ҟарачы-черқьестәи Абаза жәлар рмуниципалтә раион, акультуреи аԥсшьареи рцентр аоркестр "Аԥхьарца". Убас аконцерт иалахәын: Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ аҵаҩцәа Ҭачулиа Ҭеонеи Хапат Асиаҭи рдует, Аҳәынҭқарратә авокалтә-инстурументалтә ансамбль "Гунда", К.Ковач ихьӡ зхыу Аҟәатәи ахәыҷтәы аҟазаратә ҵараиурҭаҿ еиҿкаау жәлар рмузыка арҳәагақәа рансамбль "Анасыԥ", Гагра инхо Ҵәыџьаа рҭаацәаратә ансамбль, убас авокалтә-инстурументалтә ансамбль "Гал".
© Sputnik / Томас Тхайцук Музыкальный фестиваль Апхьарца
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Музыкальный фестиваль Апхьарца
Нури Кәарҷиа иажәақәа рыла, аныҳәатә концерт рхы аладырхәраны иҟан даҽа ҩ-гәыԥк, аха ачымазара иахҟьаны ирылымшеит:
"Ҳгәы иҭан ҳконцерт харҭәааны амҩаԥгара, аха ачымазара иахҟьаны Пицундатәи Очамчыратәи ансамбльқәа зымааӡеит. Агәра ганы сыҟоуп иаарласны ҳазегь ҳаҽшеидаҳкыло",-ҳәа иҳәеит иара.
Аныҳәатә программа хацдыркит Аҟәатәи адаул асцәа ргәыԥ.
© Sputnik / Томас Тхайцук Музыкальный фестиваль Апхьарца
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Музыкальный фестиваль Апхьарца
Ахәыҷқәа рхыԥхьаӡараҟны иҟан изныкымкәан асценахь ицәырҵуаз, убас раԥхьаӡакәны уахь зшьаҿа еихызгоз алахәылаҩцәа.
"Иахьа сара иасырҳәоит ачамгәыр. Маҷк сшәоит, избанзар раԥхьаӡакәны асценахь сцәырҵуеит. Напхгаҩыс дсымоуп Роза Расим-иԥҳа Чамагәуа. Уи лоуп исазҳәазгьы аконцерт шеиҿкаахо атәы, сара уи даара гәахәарыла исыдыскылеит", - аконцерт алагаанӡа лцәаныррақәа ҳацеиҩылшеит раԥхьаӡакәны асценахь ицәырҵуаз Хапат Асиаҭ.
© Sputnik / Томас Тхайцук Музыкальный фестиваль Апхьарца
Музыкальный фестиваль Апхьарца - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Музыкальный фестиваль Апхьарца
Доусы рықәгылашьа, рыхәмарра акы иалаҩашьомызт, рхатәы знеишьа рыман. Абас гьама ҳаракыла аконцерт мҩаԥысит.
Жәлар рфестиваль мҩаԥысит апандемиа аҿацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа анаԥыхха ашьҭахь. Ахәаԥшцәеи, артистцәеи реиқәшәара гәырӷьаран.
"Аԥсуа культура сазҿлымҳауп, есышықәса саҭаауеит ари афестиваль, еснагь сдыршанхоит ансамбльқәа рықәгыларақәа, лымкаала иахьатәи ҳамҩахыҵра ҽакы иалаҩашьом, акыр ҳазыԥшын аԥкрақәа рышьҭахь", - ҳәа лҳәоит ахәаԥшҩы Хамида Гәымԥҳа.
Аконцерт ахыркәшамҭаз алахәылацәа иранашьан аҳаҭыртә бӷьыцқәеи адипломқәеи.
Аԥсны ауааԥсыра аҿкчымазара рацәыхьчаразы иалагалаз аԥкрақәа инарықәыршәаны 2021 шықәса нанҳәамзаахыс русура аанкылан акультура аусбарҭақәеи аспорттә хыбрақәеи. Ажьырныҳәа 25 азы русура ахацыркразы азин рыҭан.
Ажәабжьқәа зегьы
0