Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аламиа Владислав Арӡынба изы: иҭахаз, аха зылашара ауаа рҟынӡа инаӡо аеҵәа даҩызоуп

Аламиа Владислав Арӡынба изы: иҭахаз, аха зылашара ауаа рҟынӡа инаӡо аеҵәа даҩызоуп
Анапаҵаҩра
Апоет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба дигәаларшәо иҳәеит, аԥсуа жәлар ыҟанаҵ иара ԥсра шиқәым атәы.
Ҳаамҭазтәи аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы Владислав Арӡынба еицырдыруа ҵарауаҩын. Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратәи академиа алахәыла иакәын, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.
Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара далагеит, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак напхгара аҭаны уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә еилакы, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.
1994 шықәса, абҵара 26 азы В.Г. Арӡынба далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала ҩынтәны деиҭалырхит.
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 азы.
Арӡынба ажәҩан аҟны иҟоу аеҵәақәа реиԥш, иԥсра ашьҭахьгьы ижәлар рзы длашалоит иҳәеит апоет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа арадио Sputnik аефир аҟны.
"Сара сзы иара ԥсра зқәым уаҩуп. Ажәлар ыҟанаҵ, иара ԥсра иқәымкәа дынхоит…Санхәыҷыз исыздыруамызт ажәҩан аҟны иаҳбо аеҵәақәа реиҳарк шҭахахьоу, аха иеҵәаны инзыжьыз ирхылҵуа алашара ауп. Уи миллион, миллиард шықәсла знык ирхылҵыз алашара арахь дара ыҟамкәа иааӡоит азы, даргьы рыԥсы ҭоушәа иубоит. Убас еиԥш иҟоу уаҩны сизхәыцуеит сара Владислав. Иара ари адунеи иԥсахзаргьы, дыԥсит ҳәа аҳәара сцәыуадаҩуп. Ари адунеи иԥсахзаргьы, уахьынтәи арахь даҳзылашалоит", - иҳәеит Аламиа.
Шәазыӡырҩы аудиофаил.
Ажәабжьқәа зегьы
0