Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Амҷԥҳа Германиа урыстәылатәи аинформациатә хыҵхырҭақәа раанкыларазы: адемократиа иатәӡам

Амҷыԥҳа Германиа Урыстәылатәи аинформациатә хыҵхырҭақәа раанкыларазы: адемократиа иатәӡам
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнакра аиҳабы Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит Украина имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы атәылаҿы иҟоу аҭагылазаашьа, Урыстәыла атәылауаҩшәҟәы змоу ақәыӷәӷәара рымоу ирымаму, насгьы иарбан информациоу еиҳарак ироуа атәы.
"Ажәабжьқәа ҳрыцклаԥшуеит, ҳарзыӡырыҩуеит, аха ара ажәабжьқәа дара рахәаԥшышьа мацарала ицәырыргоит зегьы. Ари аҩыза асанкциақәа Европагьы ианымԥшыр ауӡом. Зегьы еидҳәалоуп. Ацәыӡ даара ирацәоуп. Ҳгәы канажьуеит акультура аганахьалагьы ақәыӷәӷәара ахьыҟаҵоу. Ажәлар рҟынӡагьы инеит ақәыӷәӷәара. Ҳаԥхьоит ахәыҷқәа, астудентцәа ишрықәыӷәӷәо. Уи азҵаара рыӡбоит, хымԥада, ауаа рзинхьчаҩцәа. Ҟалашьа амам, аха дара хынҳәуеит аҭоурых аҿы изхысхьоу аетапқәа рахь. Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭа, адимломатцәа еснагь ҳаидҳәалан, уажәгьы дара ааԥхьара ҟарҵеит рыуаажәлар рахь, акыр ҟалозар, адырра роуларц, изларылшо ала адгылара шроуа атәы рҳәеит. Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнакреи ҳареи ҳаилаланы ааԥхьара ҟаҳҵарц ҳгәы иҭоуп аурыс тәылауаҩшәҟәы змоу ҳџьынџьуаа рахь, хҭыск иақәшәар, ҳара иҳадҵааларцаз", - ҳәа еиҭалҳәеит Амҷԥҳа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0