Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Жәаҩа шықәса Владислав ида: Аԥсны дыргәаладыршәеит раԥхьатәи ахада

© Sputnik / Томас Тхайцук Президент Республики Абхазия возложил цветы у мемориала Владислава Ардзинба
Президент Республики Абхазия возложил цветы у мемориала Владислава Ардзинба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иԥсҭазаара далҵит 12 шықәса раԥхьа- хәажәкыра 4 2010 шықәсазы.
АҞӘА, хәажәкыра 4– Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит иԥсҭазаара даналҵ амш аҽны хәажәкыра 4, Алада Ешыра ақыҭан.
Аԥсуа ҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы игәаларшәаразы арахь иааит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аусқәа аамҭалатәи агәрага Максим Литвинов, Аԥсны иҟоу Алада Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
1/3

2/3

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьтәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьтәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит - Sputnik Аҧсны
3/3

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьтәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

1/3

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

2/3

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

3/3

Аԥсны Аҳәынҭқарра раԥхьтәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит

Владислав Арӡынба - еицырдыруа аҵарауаҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, Адыгатәи Адунеижәларбжьаратә академиа алахәыла, иҭиҵаауан Азиа Маҷ ажәытә уааԥсыра, ҷыдала ахаттцәеи ахеттцәеи рҭоурых.
Ԥхынҷкәынмза 24, 1990 шықәса рзы Владислав Григори-иԥа Арӡынба далырхуеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс. Убри инаркны далагоит аԥсуа жәлари аҳәынҭқарреи рзинқәа рыхьчара, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак дахагыланы уи аҳәынҭқарратә суверенитет аиҭашьақәыргылара ахырхарҭа шьҭихит.
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.05.2021
Наунагӡа Раԥхьатәи: Владислав Арӡынба
Владислав Арӡынба Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан (1992–1993) напхгара аиҭон Атәылахьчаразы аҳәынҭқарратә хеилак, аамҭакала Аԥсны архәҭақәа Рыдҵаҟаҵаҩ хадас дыҟан. Иара ихьӡ иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп ари аибашьраҿы аԥсуа жәлар иргаз Аиааиреи иахьатәи Аԥсуа Ҳәынҭқарра ашьақәыргылареи.
1994 шықәса, абҵара 26 азы В.Г. Арӡынба далырхуеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадас. 1999 шықәса жьҭаара 3 азы жәлары зегьы рыбжьыҭарала ҩынтәны деиҭалырхуеит.
Владислав Арӡынба ихҵоуп Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы. Ианашьоуп "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара. Иԥсҭазаара далҵит 2010 шықәса хәажәкыра 4 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0