Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зынасыԥ зцымныҟәаз: РУСДРАМ амоноспектакль апресс-рбара мҩаԥысит

© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ аспектакль ҿыц "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" аԥхьарбара мҩаԥысран иҟоуп хәажәкыра 5, 6 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Даур Занҭариа иповест "Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" ала иқәыргылоу амоноспектакль апресс-рбара мҩаԥысит Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр аҿы, хәажәкыра 3 азы.
Атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба иажәақәа рыла, ари амоноспектакль Даур Занҭариа иҩымҭала иқәыргылоу раԥхьатәи қәыргыламҭоуп.
© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
""Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз"- ари иџьашьахәу ҩымҭоуп, аҭоурыхи адоуҳаи еиларсуп. Даур Занҭариа - ари амагиатә реализм ауп, уи Фазиль Искандер акырӡа дизааигәанатәуеит. Ҳара ҳзы гәахәароуп ари аспектакль Фазиль Искандер иира амш хәажәкыра 6 азы иахьыдҳарбо, избан акәзар дара акырӡа еизааигәоуп ҟазарылеи, уаатәыҩсылеи. Адунеи аҟны аҭагылазаашьа аныуадаҩу, атеатр еиқәырхагоуп. Ус иҟан реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рызгьы", - иҳәеит иара.
Амоноспектакль режиссиорс дамоуп Мариа Романова, лара ахәаԥшцәа деицырдыруеит иқәлыргылахьоу лусумҭақәа "Кровавая свадьба", "Радость вопреки всему" и "Бродский" рыла.
© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
"Аиаша шәасҳәоит, аҩымҭа сгәаҵанӡа инеит. Ибзианы аилкааразы сыбжьы ҭыганы саԥхьаруп, саԥхьон амшын аԥшаҳәаҿы. "Саблит" аҩымҭа, сгәы иаахәоит уи ацәаныррақәа ахәаԥшцәа рҟынӡа исызнагар. Зҭак смоуз амаӡақәа рацәоуп. Аԥхәыс лыԥсҭазаарала Аԥсны аҭоурых аарԥшуп", - лҳәоит Романова.
Амоноспектакль аҟны аиҭаҳәаҩ лроль налыгӡоит РУСДРАМ актриса Анна Гиурегиан. Асахьаҭыхыҩ-ақәыргылаҩ Мариа Филаретова, амаҭәа-асахьаҭыхыҩ- Наталиа Шпанова.
© Sputnik / Томас Тхайцук Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Пресс-показ спектакля Энджи Ханум в РУСДРАМе
Ажәабжьқәа зегьы
0