Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҿар адгылара рызҭо ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" "Сириус" иҭалоз аҷкәын ицхрааит

© Sputnik / Артур Лебедев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГосдума приняла закон о федеральной территории "Сириус"
Госдума приняла закон о федеральной территории Сириус - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.03.2022
Анапаҵаҩра
Зыхшыҩ бзиоу Аԥснытәи аҿар урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы рҵара ацҵареи аԥышәахысреи аҟны ицхыраагӡахарцаз Москва жәабранмза 2022 шықәсазы еиҿкаан аҿар адгылара рызҭо ацентр "Аԥсны аԥеиԥш".
АҞӘА, хәажәкыра 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсны ииз жәиԥшь шықәса зхыҵуа Раффи Мкртчиан Шәачатәи "Сириус" ашкол дҭалеит, абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит "Аԥсны аԥеиԥш" амилаҭтә платформа аиҿкааҩ Милана Ҳашԥҳа.
Ари алыршахеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи аплатформа "Аԥсны аԥеиԥши" рыбзоурала.
"Асоциалтә платформа "Аԥсны аԥеиԥш" ҩышықәса раахыс аҟыбаҩ злоу Аԥсны аҿар ацхыраара рынаҭоит. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аплатформеи рыцхыраарала Раффи Мкртчиан даанахәеит абаҩхатәра злоу ахәыҷқәа рзы Урыстәыла аԥхьагылара змоу азеиԥшҵараиурҭа "Сириус". Раффи даара абаҩхатәра злоу ҷкәыноуп", - лҳәеит Ҳашԥҳа.
Программа реформ Будущее Абхазии была разработана финалистами конкурса Гордость Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2022
Аԥсны
Аҿар ацхыраара рыҭараз Ацентр "Аԥсны аԥеиԥш" Москва аусура иалагеит
Раффи иан Виола лажәақәа рыла, ахәыҷы изҳаит Нидерландқәа рҿы, аҵара иҵон уатәи ашкол аҟны. Аҷкәын бзиа ибоит аматематика, занааҭҟазарыла ашахмат иҽазыҟаиҵоит, иара убас аробот атехника иҽагәылаирхалоит. Уажәы иҭаацәа Аԥсныҟа ихынҳәырц рыӡбеит. Иагьашьҭалеит рхәыҷы ишьашәалоу ашкол аԥшаара, ус еиԥш Аԥсны излаҟам ала, ирыӡбеит "Сириус" дҭарҵарц.

"Ҳара Раффи ари алицеи иҳарбеит, иагьигәаԥхеит, аратәи аҵарадырратә система нидерландтәи цәгьала иеиԥшуп. Акы заҵәык - зегьы урыс бызшәалоуп ишыҟоу. Аха Раффи уахь ацара иҭаххеит. Сара Аԥсны атәылауаҩ лаҳасаб ала адәныҟатәи аусқәа рминистр сидҵаалеит. Иара иаразнак аҭак сиҭеит, симеидеит Артур Чакриан. Анаҩс ҳаҽрымаҳдеит "Сириус" анапхгара, Раффи азыӡырҩра дахысит. Ҩымш раԥхьа иҳарҳәеит ашкол дшаднакылаз атәы. Исызҳәом шаҟа саршанхаз", - лҳәоит Виола.

Лара лажәақәа рыла, ари ахҭыс дара рҭаацәаразы даара акыр аҵанакуеит. Уажәы Раффи аурыс бызшәа аҵара даҿуп, ашкол ахь ацара иҽазыҟаиҵоит.
"Аԥсны аԥеиԥш" амилаҭтә платформа аиҿкааҩ Милана Ҳашԥҳа илҳәеит, Урыстәыла иреиҳау аҵараиурҭақәа ирҭаларц зҭаху Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәарҭеи рсаитқәа рыҟны анкетақәа рхарҭәаара шрылшо.
Ажәабжьқәа зегьы
0