00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
Главные темы
18:31
3 мин
18:35
2 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
21:35
2 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гамсаниаԥҳа: зхи зыхшыҩи еибаго акандидатцәа, ҳәарада, Апарламент ахь инеироуп

Гамсаниаԥҳа: зхыи зыхшыҩи еибаго акандидатцәа, ҳәарада, апарламент ахь инеироуп
Анапаҵаҩра
Ирылахәыда Жәлар Реизарахь алхрақәа, рхықәкы анагӡаразы иарбан мҩақәоу иазырԥшаауа, рыпрофессионалтә ҩаӡара зеиԥшроу, уала-ҭахыла адепутат иалхра цәцашьас иамоу азы арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит х-ааԥхьарак рдепутат Емма Гамсаниаԥҳа.
Жәлар Реизарахь алхрақәа разырхиареи рымҩаԥгареи рыплан инақәыршәаны, Аԥсны Алхратә комиссиа хада адепутатрахь акандидатцәа рышәҟәҭаҩра хнаркәшеит хәажәкыра 2 рзы.
5-тәи, 10-тәи, 14-тәи алхратә ҭыԥ хадақәа рҟны Апарламент адепутатрахь акандидатцәа аӡәаӡәа роуп иқәгылоу.
Аханатә ашәҟәы иҭагалан 133-ҩык, АКХ аҟны ишазгәарҭаз ала, урҭ рахьтә жәҩык иахәҭаз ашәҟәқәа аларымҵеит. Дәрыԥшьтәи алхратә ҭыԥ хадала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь ицоз акандидат ашәҟәы дҭыргеит.
Шаҟа ибзианы, адемократиатә ҟазшьақәа аҭаны имҩаԥысуа алхрақәа атәы ауаа ргәы иҵхо зҵаароуп ҳәа азгәалҭеит Гамсаниа. Лара илҳәеит аԥсуаа урҭ аҟазшьақәа ишрықәныҟәоз Аконституциа иананымызгьы, ацәгьа-абзиа шеилдыргоз.
"Алхрақәа ныҳәа дууп ҳа ҳзы. Анцәа иџьшьаны ҭоурыхла аҳәынҭқарра аҽарҭбаауеит, аҿиараҟны, аизҳараҟны амч иацнаҵоит. Еиҿсырԥшуазар алхрақәа, ҳәарада, ажәлар иқәгылоу ргәацԥыҳәара иацлеит. Уи азы азакәан азин рнаҭоит. Анаҩс иубарҭоуп аҿар, аиҳабыратә абиԥара шықәгылоу. Иҟоуп агәахәара узҭо ақәгыларақәа. Агәаанагара сымоуп, иахьынӡалшо ажәлар иазыразны алхрақәа ирызнеип ҳәа", - лҳәеит Гамсаниаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит адепутатрахь ицо аҿарацәа аусураҟны аԥышәа рымазар шахәҭоу, 25 шықәса инаркны ҳәа азакәан аҟны иарбоу ақәра 30 шықәсанӡа инагазар шыцәгьамыз.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0