Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Цкәиаԥҳа: ахацәа ашәҭқәа раахәара иацәыԥхашьо ҳәа избом

Цкәуиаԥҳа: ахацәа ашәҭқәа раахәара иацәаԥхашьо ҳәа избом
Анапаҵаҩра
Иарбан шәҭқәоу сынтәа аныҳәаз еиҳарак азҿлымҳара змоу, ишԥаҟоу урҭ рыхәқәа, насгьы дыҟоума иаазхәо, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит ашәҭҭира акыршықәса знапы алаку Жанна Цкәиаԥҳа.
20 шықәса ҵуеит Жанна Цкәиаԥҳа ашәҭқәа рбизнес аҿы дыҟоуижьҭеи. Ашәҭқәа асаби иеиԥш ирышьҭазароуп ҳәа азгәалҭеит лара. Аханатә абизнес саналагоз ашәҭқәа усҟак иаарымхәозҭгьы, иахьа аахәаҩ дыҟоуп ҳәа лҳәеит Цкәиаԥҳа.
"Ахацәа ашәҭқәа раахәара иацәыԥхашьо ҳәа акгьы збом. Уамашәа иубаша, иааиуа зегьы игәырӷьаҵәа иаархәоит. Имаҷымкәангьы иргоит. Зыхә мариоу ҳәа иахәаԥшуа маҷуп. Заанаҵы аҿаҵа ҟазҵогьы дубап. Иаҳа иалырхуа атиульпанқәа роуп. Агәилқәа сынтәа рыхә цәгьахеит. Ҵыԥх 150 ҳәа иаҳгозҭгьы голландиатәи агәилқәа, сынтәа - 300 мааҭ иаԥсахеит, ара аахәара рцәыцәгьахоит азы сара зынӡагьы иаасымгаӡеит. Ауаа рымч иақәхаратәы ҳәа ҳаргьы аҿаҵа ҟаҳҵоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Цкәиаԥҳа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0