Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

2021 шықәса иаҿырԥшны Аԥсны аихамҩатә мҩангарақәа хынтәны еизҳаит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский вокзал.
Сухумский вокзал. - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәеи жәабрани амзақәа рзы аԥснытәи аихамҩала имҩасит 2 000 инареиҳаны вагон.
АҞӘА, хәажәкыра 10 – Sputnik. 2021 шықәса иаҿырԥшны абри аамҭахҵәахазы Аԥсны аихамҩатә мҩангарақәа хынтәны еизҳаит ҳәа аанацҳауеит ААХ асаит.

2022 шықәса аԥхьатәи амзақәа рзы аихамҩатә мҩангагақәа ишьақәнартәеит 13 5921 тонна (2 139 вагон). Ажьырныҳәамзазы имҩанган - 69 827 тонна аидара (1 052 вагон), жәабран мзазы - 66 094 тонна (1087 вагон).

2021 шықәса абарҭ амзақәа рыҩнуҵҟа имҩанган 40 720 тонна (636 вагон) аидара.
Аиҳарак имҩанырго арацәеи аргыларатә маҭәахәқәеи роуп.
Уаанӡа ААХ адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа иҳәахьан анаплакы 2021 шықәсазы алагалақәа акыр ишрызҳаз, уи инадҳәаланы амҩангарақәагьы ахатәы мчрақәа рыла рымҩаԥгара ишалагаз.
Железная дорога - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.02.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аихамҩа аиагагақәа 60% рҟынӡа еиҭашьақәыргылоуп
Ажәабжьқәа зегьы
0