https://sputnik-abkhazia.info/20220310/aau-arektor-dyryleit-aakhy--uastyla-adnyati-ausa-rministri-donbassynti-akhatsei-1038041654.html
ААУ аректор дырԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри донбассынтәи ахҵәацәеи
ААУ аректор дырԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри донбассынтәи ахҵәацәеи
Алада Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп апарламенттә алхрақәа рыҟны наԥшыҩцәас. 10.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-10T19:51+0300
2022-03-10T19:51+0300
2022-03-10T19:57+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0a/1038028883_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_51b14686f8e9aaa537189f1f242a3071.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа диԥылеит Аԥсны иааны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев хәажәкыра 10 азы.Медоев иҳәеит изныкымкәан Аԥсныҟа дшаахьаз, аха аҳәынҭқарратә университет ахь ааира шиқәымшәацыз. Иара убас иазгәеиҭеит, Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рҵараиурҭақәа аимадара ӷәӷәа шрыбжьоу. "Ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа еснагь еимадоуп, ҳадәныҟаполитикатә еимадара ҳаибабара иацхраауеит, иахьатәи ҳаиԥыларагьы уи иадҳәалоуп", - ҳәа иҳәеит иара.Алеко Гәарамиа Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҵараиурҭа аректор Вадим Тедееви иареи еснагь аимадара шрыбжьоу атәы."Даара сгәы иаахәеит иахьа ҳуниверситет шәахьаҭааз. Агәра згоит, ҳара ҳазҿу аус еиҵагыло абиԥара еихарҳап ҳәа", - иҳәеит Гәарамиа.Аиԥыларахь иааԥхьан Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа. Алеко Гәарамиа иҳәеит Донбасстәи аҵараиурҭақәа жәаба рыҟны аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьоу, иазгәеиҭеит аҵара аганахьала ахҵәацәа адгылара шроуа атәы:Дмитри Медоев иазгәеиҭеит иарбан еибашьразаалак Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи шақәыӡбо:"Аибашьра еибашьроуп, ахы иҭҟьо ан лгәы ауп изықәшәо, уи рыцҳароуп. Ҳара аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳархаҵгылоит", - ҳәа иҳәеит иара.Аиԥылара хыркәшауа , ауниверситет аҩнуҵҟа ахҵәацәа рзыҳәан еиҿкаан факультет цыԥхьаӡа аныҟәарақәа.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0a/1038028883_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_1bdc35b8b0f27d22a6fe73eb3864a6f5.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
ажәабжьқәа
ААУ аректор дырԥылеит Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистри донбассынтәи ахҵәацәеи
19:51 10.03.2022 (ирҿыцуп: 19:57 10.03.2022) Алада Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп апарламенттә алхрақәа рыҟны наԥшыҩцәас.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа диԥылеит Аԥсны иааны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев хәажәкыра 10 азы.
Медоев иҳәеит изныкымкәан Аԥсныҟа дшаахьаз, аха аҳәынҭқарратә университет ахь ааира шиқәымшәацыз. Иара убас иазгәеиҭеит, Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсни рҵараиурҭақәа аимадара ӷәӷәа шрыбжьоу.
"Ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа еснагь еимадоуп, ҳадәныҟаполитикатә еимадара ҳаибабара иацхраауеит, иахьатәи ҳаиԥыларагьы уи иадҳәалоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Алеко Гәарамиа Аахыҵ Уаԥстәылатәи аделегациа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҵараиурҭа аректор Вадим Тедееви иареи еснагь аимадара шрыбжьоу атәы.
"Даара сгәы иаахәеит иахьа ҳуниверситет шәахьаҭааз. Агәра згоит, ҳара ҳазҿу аус еиҵагыло абиԥара еихарҳап ҳәа", - иҳәеит Гәарамиа.
Аиԥыларахь иааԥхьан Лугански Донецки жәлар рреспубликақәа рҟынтәи ахҵәацәа. Алеко Гәарамиа иҳәеит Донбасстәи аҵараиурҭақәа жәаба рыҟны аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьоу, иазгәеиҭеит аҵара аганахьала ахҵәацәа адгылара шроуа атәы:
"Шәара шәзыниаз ахьааи агәырҩеи ҳара ибзиаӡаны иаҳдыруеит. Иуадаҩӡаз аамҭақәа раан ҳаргьы ацхыраара ҳазгәышьуан, иҳахьчеит ҳхақәиҭра. Аԥсҭазаара лаша агәра галатәуп, абзиа аиааира агоит, ахәыҷқәа аԥеиԥш бзиа рзыԥшызаауеит", - иҳәеит Алеко Гәарамиа.
Дмитри Медоев иазгәеиҭеит иарбан еибашьразаалак Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи шақәыӡбо:
"Аибашьра еибашьроуп, ахы иҭҟьо ан лгәы ауп изықәшәо, уи рыцҳароуп. Ҳара аҭынчреи аҭышәынтәалареи ҳархаҵгылоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аиԥылара хыркәшауа , ауниверситет аҩнуҵҟа ахҵәацәа рзыҳәан еиҿкаан факультет цыԥхьаӡа аныҟәарақәа.