Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрра Украина иҟоу абиолабораториақәа рзы адокументқәа ркьыԥхьуеит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота онкодиспансера в Тамбове
Работа онкодиспансера в Тамбове - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ЕАА Украина абиолабораториақәа русура 200 миллион доллар шақәнарӡыз азы аӡыргара мҩаԥнагеит.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла атәылахьчара аминистрра хара имгакәа Украина иҟоу абиолабораториақәа рзы адокументқәа ркьыԥхьуеит, рекспертизақәа раарԥшра цәырыргоит ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра украинатәи абиолабораториақәа русзуҩцәа рҟынтәи ироуз адокументқәа анализ рзыҟаҵара мҩаԥыргоит", - ҳәа иҳәеит Конашенков.
Иара иажәаәқа рыла, урыстәылатәи арадиациатә, ахимиатә, абиологиатә хьчаразы аҟазауаа иҭырҵааит адокументқәа. Урҭ рҟны иарбан ЕАА ахаҭарнакцәа рыдҵала Украина игаз ауаҩытәыҩсатә биоматериал аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа ишрыҭаз.
"Хара имгакәа ҳара иаҳкьыԥхьраны ҳаҟоуп украинатәи абиолабораториақәа русзуҩцәа рҟынтәи иҳауз адокументқәа, урҭ рекспертизақәа цәыраагоит", - ҳәа иҳәеит аинрал.
Конашенков иара убасгьы иазгәеиҭеит, Пентагон аԥара ззоунажьуаз абиологиатә ҭҵаарақәа Украина иаԥҵан анырҵәага чымазараԥҵара аларҵәара амеханизм аус аруразы.
Посольство России в США - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Вашингтонҟа ааԥхьара ҟаиҵеит арратә биологиа аусхк ныркыларц
Иара ишиҳәо ала адокументқәа иаадырԥшуеит америкаа Украина 2022 шықәсазы аԥсаатә, аҳәазақәа, ахәлыԥҵысқәа рпатоген ала аусура шрыгәҭакыз, анаҩс урҭ амырза, аиагара шрылшо аҭҵааразы.
"Пентагон аԥара ззашәоз абиологиатә ҭҵаарақәа хықәкыс иаман анырҵәагатә патогенқәа маӡала раларҵәара", - иҳәеит аинрал.
Ажәабжьқәа зегьы
0