Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аексперт Жәлар Реизара алхрақәа рҟны апартиақәа рылшарақәа ахәшьара аиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПовторные выборы президента Абхазии
Повторные выборы президента Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара ҿыц аҟны алхрақәа рылҵшәақәа рыла аҭыԥқәа рацәаны партиакгьы иаиуӡом, абри азы РИА Новости аҟны аҳәамҭа ҟаиҵеит ИАР атәылақәа ринститут Кавказ аҟәша аиҳабы Владимир Новиков.
Алхрақәа ирылахуп 123-ҩык акандидатцәа, 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса, урҭ рахьтә хҩык урысцәоуп. Аԥсны АКХ аҟны зынӡа иҭаҩын аԥшьгаратә гәыԥқәа 118-и, аполитикатә партиақәа хәбеи, дара 15-ҩык акандидатцәа ықәдыргылеит, - амчратә партиақәа "Амцахара" (жәҩык акандидатцәа), "Аиашареи аҿиареи рзы Аԥсны жәлар рфронт" (кандидатк), иара убас аопозициатә партиақәа ҩба "Аԥсны" (акандидатцәа ҩыџьа), "Аԥсны жәлар рпартиа" (кандидатк), инеитралитету - "Аԥсны аекономикатә ҿиара" (акандидатцәа ҩыџьа).
"Амчреи аоппозициеи аҭыԥқәа реиҳарак аиуразы еиндаҭлоит. Аха сара сызлахәыԥшуа ала ус изыҟалом. Уи адагьы, Украина имҩаԥысуа арратә аоперациа ҷыда иабзоураны Аԥсны иҟоу аполитикатә еибырххара аҽааннакылар ҟалап. Зегьы уи анбанҵәо ҳәа иԥшызаауеит", - иҳәеит аполитилог.
Новиков иазгәеиҭеит, алхрақәа рылҵшәақәа ирыхҟьаны аҩганк аҽагыларатә акциақәа мҩаԥыргом. "Алхырҭатә ҭыԥқәак рҟны иҟало алҵшәақәа рзы аӡбарҭақәа рҟны еилдмыргозар", - иҳәеит иара.
Выборы президента в Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Жәлар Реизарахь алхрақәа рахь аҽазыҟаҵарақәа шцо атәы
Абжьыҭара азин рымоуп 18 шықәса ирҭысхьоу атәылауаа. Далхуп ҳәа дыԥхьаӡахоит абжьыҭира иалахәыз алхыҩцәа реиҳараҩык рыбжьы зырҭаз. Алхрақәа зышьақәымгылеит ҳәа ишьоуп асиа иану рҟынтәи инеиз рхыԥхьаӡара 25% еиҵазар.
Алхратә ҭыԥқәа 5, 10, 14 рҟны алхрақәа рахь иқәгылоуп аӡәаӡәа. Аԥсны Апарламент ахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Дара алырхуеит хәышықәса рыла знык. Уажәтәи афбатәи ааԥхьара рнапынҵақәа рыҽҳәара нҵәоит ааԥынра 2022 шықәсазы.
Иҳаҩсыз апарламенттә алхрақәа 201 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 139-ҩык акандидатцәа. Аԥшьгаратә гәыԥқәа иҭарыҩит 115-ҩык, аполитикатә партиақәа 24-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0