Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҟәыруа Аԥснытәи аихамҩа амҩангарақәа рзы: азҳара ыҟоуп

Ҟәыруа Аԥснытәи аихамҩа амҩангарақәа рзы: азҳара ыҟоуп
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аихамҩа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит амҩангарақәа шеизҳаз атәы.
2021 шықәса иаҿырԥшны ари аамҭахҵәахазы Аԥсны аихамҩатә мҩангарақәа хынтәны еизҳаит ҳәа аанацҳаит Аԥснытәи аихамҩа асаит. Уаанӡа Аԥсны аихамҩа адиректор хада Арсоу Ҷыҭанаа иҳәахьан анаплакы 2021 шықәсазы алагалақәа акыр ишрызҳаз, уи инадҳәаланы амҩангарақәагьы ахатәы мчқәа рыла рымҩаԥгара ишалагаз.
"Аԥсны аихамҩала 25 шықәса инацны имҩаԥааго аидара хәыҷы-ҳәыҷла иацлоит, апассаџьыртә дәыӷбақәагьы аныҟәара иалагеит, ессааира ҳаиӷьхо ҳалагеит. Иаҳҳәап, 25 шықәса раԥхьа мызкы ииаҳгозҭгьы 50-100 нызқь тонна аидара, уажәы 400-500 нызқь тонна рҟынӡа ииаҳгартә еиԥш аҭагылазаашьы ҳамоуп", - иҳәеит Ҟәыруа.
Иара иажәақәа рыла, ари ашықәс ҩымз ирҭагӡаны авагонқәа 800 рҟынӡа мызкы ииаргон, 140 нызқь тонна рҟынӡа аидара мҩаныргеит.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0