Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа рзы аихшьаала ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Дмитрий Маршан
Дмитрий Маршан  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахы-аҵыхәа абжьыҭара инеит 51,2% алхыҩцәа.
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Алхратә комиссиа хада аҟны ирҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа алхратә ҭыԥхадақәа ркомиссиақәа рыԥкаанҵақәа раҳасабырбала.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, 17 алхырҭатә ҭыԥқәа рыҟны адепутатцәа алхуп, даҽа 17 алхырҭатә ҭыԥала аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, Гәдоуҭатәи ақалақьтә 1-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц алхрақәа мҩаԥгахоит.
Алхратә ҭыԥ хада №1 (Аҳабла ҿыц) - 2 121-ҩык рыбжьы арҭеит, аҩбатәи атурахь инеит Инар Гыцба (44,13%) Гәында Кәыҵниаԥҳа (29,7%);
Алхратә ҭыԥ хада №2 (Аҳабла ҿыц) - 1 510-ҩык рыбжьы арҭеит, аҩбатәи атурахь инеит Асҭамыр Гьерхьелиа (40,66%), Дмитри Ҳалбад (47,02%);
Алхратә ҭыԥ хада №3 (Ажәытә ҳабла ) - 1853-ҩык рыбжьы арҭеит, аҩбатәи атурахь инеит Хына Думаа (24,12%), Нарсоу Салаҟаиа (40,74%);
Алхратә ҭыԥ хада № 4 (Аҩадатәи) - рыбжьы арҭеит 2005-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Баҭал Аибеи (23,9%) Ерик Рштунии (21,4%);
Алхратә ҭыԥ хада № 5 (Синоптәи) – ара дықәгылан кандидатк – Лаша Ашәба, иара изы рыбжьы арҭеит 1902-а (98,42%);
Алхратә ҭыԥ хада № 6 (Агәантәи) - рыбжьы арҭеит 2697-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Рауль Лолуеи (18,06%) Дмитри Маршьаниеи (40,64%);
Алхратә ҭыԥ хада № 7 (Абиблиотека) - рыбжьы арҭеит 2651-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Рашида Аибеи (23,69%), Амиран Какалиеи (17,88%);
Алхратә ҭыԥ хада № 8 (Алашарбага) - рыбжьы арҭеит 2008-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Леон Гәбази (23,68%) Наур Нарманиеи (25,7%);
Алхратә ҭыԥ хада № 9 (Мрагыларатәи) - рыбжьы арҭеит 2181-ҩык, аиааира игеит Кан Кәарҷиа (53,74%);
Алхратә ҭыԥ хада № 10 (Пицундатәи) - ара дықәгылан кандидатк – Дауҭ Хәытаба, иара изы рыбжьы арҭеит 1329-ҩык (98,27%);
Алхратә ҭыԥ хада № 11 (Бзыԥтәи) - рыбжьы арҭеит 2099-ҩык, аиааира игеит Ҭемыр Беииа (77,56%);
Алхратә ҭыԥ хада № 12 (Гагратәи) - рыбжьы арҭеит 2444-ҩык, аиааира игеит Аршба Асҭамыр (51,15%);
Алхратә ҭыԥ хада № 13 (Гагратәи ақалақьтә) - рыбжьы арҭеит 3054-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Алхас Барцыци (48,79%) Реваз Бениеи (20,89%);
Алхратә ҭыԥ хада № 14 (Цандрыԥшьтәи) - ара дықәгылан кандидатк Галуст Трапизониан, иара изы рыбжьы арҭеит 1882-а (96,65%);
Алхратә ҭыԥ хада № 15 (Оҭҳаратәи) - рыбжьы арҭеит 2058-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Алмасхан Барцыци (32,41%) Бадрик Ԥлиеи (33,72%);
Алхратә ҭыԥ хада № 16 (Дәрыԥшьтәи) - рыбжьы арҭеит 1949-ҩык, аиааира игеит Беслан Ҳалуашь (70,09%);
Алхратә ҭыԥ хада № 17 (Лыхнытәи) - рыбжьы арҭеит 2101-ҩык, аиааира игеит Аслан Лакоба (63,49%);
Алхратә ҭыԥ хада № 18 (Гәдоуҭатәи ақалақьтә актәи) - рыбжьы арҭеит 1813-ҩык, ара аиҭалхрақәа ҟалоит, избанзар аиааира игеит ҳәа дыԥхьаӡоуп 50+1 % абыжьқәа зауз акандидат;
Алхратә ҭыԥ хада №19 (Гдоуҭатәи ақалақьтә аҩбатәи) – рыбжьы арҭеит 1645-ҩык депутатс далхуп Алхас Ҳагба (58,48%);
Алхратә ҭыԥ хада №20 (Аацытәи) – рыбжьы арҭеит 2653-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Алиса Гәылариеи (31,50%) Рустам Мархолиеи (23,67%);
Алхратә ҭыԥ хада №21 – рыбжьы арҭеит 1562-а, аҩбатәи атур ахь ицеит Ахра Пачлиеи (42,61%) Натали Смыри (47,25%);
Алхратә ҭыԥ хада №22 (Ешыратәи) – рыбжьы арҭеит 1185-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Алмасхан Арӡынбеи (45,2%) Фазлыбеи Аҩӡбеи (30,57%);
Алхратә ҭыԥ хада №23 (Гәымсҭатәи) – рыбжьы арҭеит 1936-ҩык, аиааира игеит Левон Галустиан (52,69%);
Алхратә ҭыԥ хада №24 (Ԥшьаԥтәи) – рыбжьы арҭеит 1637-ҩык, аиааира игеит Ашот Миносиан (64,57%);
Алхратә ҭыԥ хада №25 (Маҷаратәи) – рыбжьы арҭеит 2582-а, аиааира игеит Инар Саӡба (50,89%);
Алхратә ҭыԥ хада №26 (Драндатәи) – рыбжьы арҭеит 2303-ҩык, аиааира игеит Адгәыр Ҳаразиа (50,28%);
Алхратә ҭыԥ хада №27 – рыбжьы арҭеит 1467-ҩык, аиааира игеит Венори Бебиа (65,85%);
Алхратә ҭыԥ хада №28 – рыбжьы арҭеит 1599-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Демур Гогьиеи (32,71%) Ҭенгиз Какәбааи (29,02%);
Алхратә ҭыԥ хада №29 – рыбжьы арҭеит 1805-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Алмас Акабеи (43,71%) Асҭамыр Ҭарбеи (32,85%);
Алхратә ҭыԥ хада №30 – рыбжьы арҭеит 1734-ҩык, аиааира игеит Вахтанг Голанӡиа (58,02%);
Алхратә ҭыԥ хада №31 – рыбжьы арҭеит 1667-ҩык, аиааира игеит Резо Занҭариа (56,39%);
Алхратә ҭыԥ хада №32 – рыбжьы арҭеит 2072-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Баҭал Џьопуеи (42,84%) Ешсоу Какалиеи (25,82%);
Алхратә ҭыԥ хада №33 – рыбжьы арҭеит 2061-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Дамир Ӷорзолиеи (26,25%) Беслан Емырхәбеи (44,30%);
Алхратә ҭыԥ хада №34 – рыбжьы арҭеит 1425-ҩык, аҩбатәи атур ахь ицеит Герман Каҷарааи (43,93%) Ҭемыр Тҟьебучааи (28,21%);
Алхратә ҭыԥ хада №35 – рыбжьы арҭеит 1148-ҩык, аиааира игеит Ҭемыр Шьергьелиа (52,61%).
АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан иажәақәа рыла, 26-тәи алхратә ҭыԥ хада аҟынтәи Илиа Гәниа иҟынтәи ашшыԥхьаӡ ааит аҩны абжьыҭара зҭахыз 12-ҩык уи азы аҭыԥантәи алхратә комиссиа алшара рыҭара иахьахьымӡаз азы, аха урҭ рыбжьқәа алҵшәа анырра усгьы ирзаҭомызт.
Ажәабжьқәа зегьы
0