Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Ҳашыг Аԥсны алхратә системазы: акризис ду амоуп

Ҳашыг Аԥсны алхратә системазы: акризис ду амоуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа хыркәшоуп. Урҭ шымҩаԥысыз атәы, насгьы атәыла алхратә системазы игәаанагара арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ажурналист Инал Ҳашыг.
Аԥсны Алхратә комиссиа хада адыррақәа рыла, 17 алхырҭатә ҭыԥқәа рыҟны адепутатцәа алхуп, даҽа 17 алхырҭатә ҭыԥ ала аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит, Гәдоуҭатәи 1-тәи ақалақьтә алхырҭатә ҭыԥ аҟны ҿыц алхрақәа мҩаԥгахоит.
"Алхрақәа иахьа ибизнесхеит. Раԥхьатәи Апарламент аҿы аинтеллигенциа рхаҭарнакцәа ԥыҭҩык ыҟан, уажәы ааигәа-сигәа уахь изнеиртә аҭагылазаашьа рымам. Алхыҩ имоу ауадаҩрақәа зегьы иахьа акандидат ила иӡбар иҭахуп, уи изыҟаҵар, дцеит. Алхратә система акризис ду амоуп. Аҳабла иахылаԥшуа иоуп иаиааиуа. Апарламент даара узықәгәыӷуа аинститут акәӡам. Хәышықәса рышьҭахь даҽа системак ахь ҳмиасыр, ҳара ҳзы даара ипроблема духоит. Адунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа инарымаданы Апарламент ахь инеиуа ауаа хшыҩла иазнеироуп ҳаԥхьа ишьҭоу азҵаатәқәа, излазбо ала, уи еилызкаауа усҟак ирацәам", - ҳәа иҳәеит Ҳашыг.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0