https://sputnik-abkhazia.info/20220314/rusdram-moskvati-anyaraa-irylatsazheit-1038114432.html
РУСДРАМ Москватәи аныҟәарақәа ирылацәажәеит
РУСДРАМ Москватәи аныҟәарақәа ирылацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва гастрольла иҟан хәажәкыра 9-12 рзы. Дара рныҟәара азкын атеатр 40 шықәса ахыҵра. 14.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-14T18:16+0300
2022-03-14T18:16+0300
2022-03-14T18:16+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
акультура
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0f/1031106468_0:160:3073:1888_1920x0_80_0_0_42efc902658a6ed67e6a3c446b0e8a54.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва қәҿиарала иқәгылеит ҳәа арадио Sputnik иазеиеҭиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.Хынҭәба иажәақәа рыла аспектакльқәа рыхәаԥшцәа иреиуан урыстәылатәи артистцәа, акритикцәа. Аспектакль "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара" иахәаԥшыз Хьыбла Гьерзмаа илҳәеит "ари абсолиуттә театруп ҳәа"."Ари иреиҳаӡоу ҽхәаԥхьыӡуп. Ҳара ҳтеатр амчқәа, ацәаныррақәа, абзиабара - акгьы иреигӡом", - ҳәа иҳәеит иара. Москва, Атеатртә центр асценаҿы идырбан аспектакльқәа хәба: "Сара сакәым изызку", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Ахәмарыҩ", "Ацынҵәарах", "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/0f/1031106468_170:0:2901:2048_1920x0_80_0_0_f3c1b8acd4cd2f237c0bfec813cc73ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, акультура
РУСДРАМ Москватәи аныҟәарақәа ирылацәажәеит
Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва гастрольла иҟан хәажәкыра 9-12 рзы. Дара рныҟәара азкын атеатр 40 шықәса ахыҵра.
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Фазиль Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр Москва қәҿиарала иқәгылеит ҳәа арадио Sputnik иазеиеҭиҳәеит атеатр адиректор хада Иракли Хынҭәба.
"Москва идҳарбаз аспектакльқәа рыхәбагьы ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит. Ари ҳара ҳазгьы ахәаԥшҩы изгьы ныҳәоуп, иҳамҭоуп. Аспектакльқәа ҳтәыла атеатртә ҟазара аҩаӡара зеиԥшроу аадырԥшыртә ҳахәмарит", - ҳәа иҳәеит иара.
Хынҭәба иажәақәа рыла аспектакльқәа рыхәаԥшцәа иреиуан урыстәылатәи артистцәа, акритикцәа. Аспектакль "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара" иахәаԥшыз Хьыбла Гьерзмаа илҳәеит "ари абсолиуттә театруп ҳәа".
"Ари иреиҳаӡоу ҽхәаԥхьыӡуп. Ҳара ҳтеатр амчқәа, ацәаныррақәа, абзиабара - акгьы иреигӡом", - ҳәа иҳәеит иара.
Москва, Атеатртә центр асценаҿы идырбан аспектакльқәа хәба: "Сара сакәым изызку", "Кьоџьаа рҭыӡшәа", "Ахәмарыҩ", "Ацынҵәарах", "Зегьы рцасҳәа агәырӷьара".