Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Захарова Британиа аиашахаҵаратә уахәама аимҵәара аурысфобиоуп ҳәа ахылҳәааит

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБрифинг официального представителя МИД России М. Захаровой
Брифинг официального представителя МИД России М. Захаровой - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә операциа ҷыда иалагазар аахыс адунеи атәылақәа жәпакы Урыстәыла аганахьала ӷәӷәала агрессиа аадырԥшуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова Оксфорд иҟоу аԥшьа Никәала Аџьашьахәҟаҵаҩ иныхабаа арҳәра Британиа ду адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Трасс иалалырҵәо аурысфобиа иахҟьеит лҳәеит ҳәа аҩуеит РИА Новости.
Захарова илҳәеит хәажәкыра 12 рзы идырым џьоукы Оксфорд аиашахаҵаратә уахәама иҩналаны ахазынарақәеи Украинатәи ахҵәацәа рзы еизыргаз аԥарақәеи ргеит ҳәа.

"Британиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Лиз Трасс лгәы лырҭынчыр ҟалоит. Хаҭала лара иаулыжьыз ашҳам иабзоураны зхадараҿы дгылоу аурысцәымӷреи амцаларҵәареи гәаӷшақә аҿиара роуит лара лхаҭа аҵаразы адиплом ахьлоуз аҭыԥ аҿыҵәҟьа", - ҳәа лыҩуеит Мариа Захарова Telegram-канал аҿы.

Арҳәыҩцәа иргеит: аџьарқәа, иԥшьоу аԥсыбаҩ, ауахәаматә ҭирҭа, асеиф. Британиатәи аполициа аусҭҵаара иалагеит.
Урыстәыла ААР изныкымкәа аҳәамҭа ҟанаҵахьан мраҭашәаратәи тәылақәак рҿы аурысцәымӷра шрылаҵәаз. Арахь ишаҵанакуа амузыкантцәа, аспортсменцәа, астудентцәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0