Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук Лабораторный анализ вин для первого национального конкурса.
Лабораторный анализ вин для первого национального конкурса. - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуа ҩқәа амилаҭтә еиндаҭлара мҩаԥысуеит аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи ааглыхыҩцәеи адгылара рыҭаразы, Аԥсны иҟарҵо аҩқәа рхаҭабзиара аиӷьтәразы.
АҞӘА, хәажәкыра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсуа ҩқәа амилаҭтә еиндаҭлара аҳәаақәа ирҭагӡаны аилахәыра "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" ахатәы ааглыхыҩцәа раалыҵ алабораториатә ҭҵаара нападыркит.
"Аҩыҟаҵара Аԥсны аҭоурых ҵаулаӡоуп. Ҳара иҳаӡбеит анхаҩцәа раалыҵқәагьы аҩаӡара ҳарак роуртә аиԥш аҭагылазаашьа аԥаҳҵарц, избанзар шамахамзар анхаҩы иахьа аҩы ҟазымҵо дыҟаӡам. Агәра ганы сыҟоуп аиндаҭлара аинтерес аманы ишымҩаԥысуа. Ҳусуҩцәа ақыҭақәа рахь инеины аҩқәа алхны азауад ахь иааргоит аԥхьа гьамабара мҩаԥыргарц. Ҳара ҳәарада аҩқәа рхаҭабзиара ҳашьклаԥшуеит", - ҳәа иҳәеит анаплакы аҩыҟаҵаҩ хада Валери Аҩӡба.
Сбор винограда - Sputnik Аҧсны, 1920, 16.01.2022
Аԥсны
Аԥсуа ҩы: иҭыҵит адокументалтә фильм аԥсуаа рыбзазара иахәҭаку аҩыҟаҵара иазкны
Иара инаҵшьны иазгәеиеҭеит аханатәгьы аԥсуаа аҩыҟаҵара аҵак ду аманы ишырԥхьаӡоз.

"Иааргаз аҩқәа аҩы иацәтәыму аҟазшьақәа рымамзароуп. Аҩы злыху ҳарданзар, аҳардан иаҟазшьоу агьама. Афҩы адубалозароуп. Аҩы еиқәаҵәазар - агьамагьы иара иақәшәо иҟазароуп. Ҳәарада аилахәырақәа, ааглыхрақәа ирыдаагало аҭахрақәа анхацәа рҩы иаҳзадгалом, аха зегьы идҳарбар ҳҭахуп анхацәагьы зхаҭабзиара ҳараку аҩы аҟаҵара шрылшо", - ҳәа иҳәеит Валери Аҩӡба.

Амилаҭтә еиндаҭларахь инеирц азы ахатәы ааглыхыҩцәа раалыҵ аилахәыра алабораториаҿы игәарҭоит. Анаплакы алабораториа ахимик Жаннетта Асатуриан илҳәеит агәаҭарақәа быжьба шымҩаԥыргахьоу.
"Алабораториа аусзуҩцәа аекспресс-анализ ҟарҵоит. Аекспресс-гьамагәаҭараан аҩы ма аматериал агхақәа ахәшьара рырҭоит. Иаҳҳәап аҩы ҵәыҵәызар иаразнак аалыҵ мап ацәкхоит. Аекспресс-гьамабараан иазԥхьагәаҭоу аҭахрақәа ишрықәшәо шьақәыргылазар анаҩстәи афизико-химиатә, амикробиологиатә гәаҭаарқәагьы мҩаԥгахоит". - ҳәа лҳәеит Асатуриан.
© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
1/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
2/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
3/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
4/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
5/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

© Sputnik / Томас Тхайцук

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит - Sputnik Аҧсны
6/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

1/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

2/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

3/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

4/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

5/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

6/6

Аиндаҭлара иалахәхо аԥсуа ҩқәа рыҭҵаара иалагоит

Аиндаҭлара, Аԥсны раԥхьатәи ааглыхратә ҩыҟаҵара ашьаҭаркҩы Николаи Бата-иԥа Ачба ихьӡ ахуп. Иара хықәкыс иамоуп аҭыԥантәи аҩыҟаҵаҩцәа адгылара рыҭара, Аԥсны иҭрыжьуа аҩқәа рхаҭабзиара аиӷьтәра.
Аицлабра алахәылацәа зегьы аҳамҭақәа роуеит – европатәи аӡахәахкқәа реиҭаҳатәқәа, аилак алахәылацәа рҟынтәигьы хаз игоу аҳамҭақәа. "Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи" аиааира зго анаплакы аҿы аҩыҭаҭәара алшара рырҭоит ԥхьаҟа аҭиразы. Аиндаҭларахь ирыдыркылоит аҩеиқәаҵәа, аҩышкәакәа.
Арзаҳалқәа рыдыркылалоит мшаԥы 20 аҟынӡа. Аелектронтә ԥошьҭа: abkhazwine@mail.ru. Аицлабра мҩаԥгахоит мшаԥы 29 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0