Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур анымҩаԥгахо арыцхә рылаҳәоуп

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Анапаҵаҩра
35 алхратә ҭыԥқәа рҟынтәи 17 ҭыԥ рҿы Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит.
АҞӘА, хәажәкыра 15– Sputnik. Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит хәажәкыра 26 азы ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Алхратә комиссиа хада алахәыла Алиас Бранӡиа.

"Алхратә комиссиа хада Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур азырхиара иалагеит. Аиҿкааратә усурақәа мҩаԥысуеит, иаздырхиоит абиуллетенқәа", - иҳәеит иара.

35 алхратә ҭыԥқәа рҟынтәи 17 ҭыԥ рҿы Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит.
Бранӡиа ишиҳәаз ала, азакәан инақәыршәаны аиааиразы бжьык ала аԥгара мацарагьы азхоит аҩбатәи атур аан.
"Ауаа рнеира азымхаргьы, зынӡа аӡәы-ҩыџьа неиргьы бжьык ала еиҳахаз аԥыжәара игоит", - ҳәа иҳәеит Бранӡиа.
Гәдоуҭатәи 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҿа аиҭалхрақәа мҩаԥгахоит.
"Ҩымз рышьҭахь алхрақәа еиҭамҩаԥгахоит. АКХ ари амчыбжь аҩнуҵҟала аиҭалхрақәа рымзар шьақәнаргылоит. Аиҭалхрақәа ирылахәхар ҟалоит ахаҿ ҿыцқәа. Арҭ аҩымз рыла кандидатс 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы иқәгылар зҭаххо АКХ аҿы иаԥҵоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы ирхысроуп. Аԥхьа аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи ашәҟәы иҭаргалоит, нас - акандидатцәа", - иҳәеит иара.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 азы. 35 ҭыԥ рзы 123-ҩык акандидатцәа еиндаҭлон. Иахьазы адепутатцәа алхуп 17 алхырҭатә ҭыԥ рҿы. Даҽа 17 ҭыԥ рҿы алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥгахоит, руак аҿы аиҭалхрақәа ҟалоит.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны
93 материал
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Ажәабжьқәа зегьы
0