https://sputnik-abkhazia.info/20220315/asny-eitsyrdyrua-akhya-chkotua-asnya-iaarei-ayntylati-eibashrei-iazkny--1038128923.html
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа иирамшуп хәажәкыра 15 азы. Аиубилиар ихатә ԥсҭазаара, Аԥсныҟа нхара ҳәа ииасра атәы, аибашьреи аҭынчԥсҭазаареи ртәы... 15.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-15T21:44+0300
2022-03-15T21:44+0300
2022-03-15T22:14+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0f/1038128896_0:0:1997:1123_1920x0_80_0_0_da0194efb1b943e24af54ff57b7272da.jpg
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны
Sputnik Аҧсны
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны
Октаи Чкотуа аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит, иԥсҭазаараҿы қәҿиара дуны ишыиԥхьаӡо Аԥсныҟа иаара."Ак еилыскаауа саналага нахыс, сыԥхыӡ иалан сыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, уи сыԥхыӡ ахьлабҿабахаз, сара схазы қәҿиараны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа.Ауаажәларратә усзуҩы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа иаара шыҟалаз, анаҩс иԥсадгьыл ахь нхараҳәа дшыиасыз атәы. Убри аан иҳәеит, иахьа уажәраанӡа иирамш шазгәаимҭо."Хәажәкыра 15-16 ҳажәлар рзы трагедиа дуӡӡаны иаанхеит, ауаа алаӷырӡ анкарҭәо, уаргьы ирыцхьааугоит. Шьоукы анҵәыуа, уара узлаӷәырӷьари, уи аҩыза агәалаҟазаара смоуӡеит", - ҳәа иҳәеит Чкотуа.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.Октаи Беқьыр-иԥа Ҷкотуа – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. 1990 шықәса рзы Адаԥазар ақалақь аҿы еиҿкааз Кавказ ажәларқәа реиҿкаара анапхгара далахәын. 1991 шықәса рзы Ҭырқәтәыла ахореографиатә ансамбль анапхгаҩцәа дрыцны Аԥсныҟа дааит. Дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Уи хиркәшоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага мышқәак рышьҭахь, нанҳәа 25 рзы Ҭырқәтәылантәи хатәгәаԥхарала иааз 33-ҩык аԥсуаа злахәыз раԥхьатәи аибашьцәа ргәыԥ дацны дааит Гәдоуҭа. 1994 шықәса инаркны аус иуан арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿы. 1996 шықәсазы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрезидент иусбарҭаҿы еиҿкааз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рызҵаарақәа рзы акомиссиа хантәаҩыс. 1997 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахь депутатс далхын. 2007-2010 шықәсқәа рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәылас дыҟан.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/0f/1038128896_214:0:1989:1331_1920x0_80_0_0_083f0b934c61f612f76acd1412177650.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Аԥсны еицырдыруа ахьыӡқәа: Чкотуа Аԥсныҟа иаареи, Аџьынџьтәылатәи еибашьреи иазкны
21:44 15.03.2022 (ирҿыцуп: 22:14 15.03.2022) Ауаажәларратә усзуҩы, аиҭагаҩ Октаи Чкотуа иирамшуп хәажәкыра 15 азы. Аиубилиар ихатә ԥсҭазаара, Аԥсныҟа нхара ҳәа ииасра атәы, аибашьреи аҭынчԥсҭазаареи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы далацәажәеит.
Октаи Чкотуа аиҿцәажәара хацыркуа иҳәеит, иԥсҭазаараҿы қәҿиара дуны ишыиԥхьаӡо Аԥсныҟа иаара.
"Ак еилыскаауа саналага нахыс, сыԥхыӡ иалан сыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, уи сыԥхыӡ ахьлабҿабахаз, сара схазы қәҿиараны исыԥхьаӡоит", - ҳәа азгәеиҭеит Чкотуа.
Ауаажәларратә усзуҩы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсныҟа иаара шыҟалаз, анаҩс иԥсадгьыл ахь нхараҳәа дшыиасыз атәы. Убри аан иҳәеит, иахьа уажәраанӡа иирамш шазгәаимҭо.
"Хәажәкыра 15-16 ҳажәлар рзы трагедиа дуӡӡаны иаанхеит, ауаа алаӷырӡ анкарҭәо, уаргьы ирыцхьааугоит. Шьоукы анҵәыуа, уара узлаӷәырӷьари, уи аҩыза агәалаҟазаара смоуӡеит", - ҳәа иҳәеит Чкотуа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Октаи Беқьыр-иԥа Ҷкотуа – ашәҟәыҩҩы, аиҭагаҩ, ауаажәларратә усзуҩы. 1990 шықәса рзы Адаԥазар ақалақь аҿы еиҿкааз Кавказ ажәларқәа реиҿкаара анапхгара далахәын. 1991 шықәса рзы Ҭырқәтәыла ахореографиатә ансамбль анапхгаҩцәа дрыцны Аԥсныҟа дааит. Дҭалоит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Уи хиркәшоит Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра анеилга ашьҭахь. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аналага мышқәак рышьҭахь, нанҳәа 25 рзы Ҭырқәтәылантәи хатәгәаԥхарала иааз 33-ҩык аԥсуаа злахәыз раԥхьатәи аибашьцәа ргәыԥ дацны дааит Гәдоуҭа. 1994 шықәса инаркны аус иуан арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилакы аҿы. 1996 шықәсазы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Апрезидент иусбарҭаҿы еиҿкааз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа рызҵаарақәа рзы акомиссиа хантәаҩыс. 1997 шықәса рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент ахь депутатс далхын. 2007-2010 шықәсқәа рзы – Аԥсны Аҳәынҭқарра Ауаажәларратә палата алахәылас дыҟан.