Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчараҟны ирҳәеит х-миллионҩык рҟынӡа аукраин жәлар Урыстәылаҟа ицар шырҭаху

© Sputnik / Сергей Пивоваров / Амедиаҵәахырҭахь аиасраБеженцы из Украины прибыли в РФ
Беженцы из Украины прибыли в РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Анапаҵаҩра
Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, арратә аоперациа ҷыда аналага аахыс ҩмиллионҩык инареиҳаны украинантәи ихҵәаны Польшаҟа ицеит, Германиаҟа 200 нызқьҩык, иара убас ахҵәацәа рыдыркылоит Белоруссиа, Молдова уҳәа егьырҭ атәылақәагьы.
АҞӘА, хәажәкыра 19 – Sputnik. Украинатәи арадикалцәа уажәыгьы аҭынч уааԥсыра хыхьчагас рхы иадырхәоит, ишдыру ала 2,7 миллионҩык иахыҵны урыстәылаҟа ацара рҭахәуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости Урыстәылатәи Афедерациа Амилаҭтә центр ахыхьчаратә усбарҭа аиҳабы аинрал-полковник Михаил Мизинцев иҳәамҭа шьаҭас иганы.

"Есыҽны имҩаԥырго агәаҭарақәа рлҵшәақәа рыла ишьақәыргылоуп ииасыз уахыки-ҽнаки рзы мацара 7 223-ҩык шрыдҵаалаз, иаидкыланы абазаҟны ашәҟәы иҭагалоу зегьы ҩмиллионки 711-нызқьҩык ыҟоуп, урҭ рахьынтәи иҟоуп хаҭала иарбоу рыжәлақәеи рынхарҭа аҭыӡ ҭыԥқәеи", -ҳәа иҳәеит Мизинцев.

Иара иажәақәа рыла, 4,5 миллионҩык инреиҳаны Киев, Харьков, Чернигов, Сума уҳәа егьырҭ ақалақьқәеи ирыланхо аҭынч уааԥсыра украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа инкыланы ирымоуп хыхьчагас, иара убас 6 830 ҩык 19 ҳәынҭкарра руааԥсыра.
Уи адагьы, Мизинцев иазгәеиҭеит Украина амшын баӷәазақәа рыҟны атәым ҳәынҭқаррақәа иртәу 70 ӷба рекипаж амацәаз ишҭаку.
Ажәабжьқәа зегьы
0