Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи авиациа иахатәи аҵх иалагӡаны Украина арратә хыбрақәа 62 ҭанархеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПерешедший под контроль ДНР город Волноваха
Перешедший под контроль ДНР город Волноваха - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьарахыхреи анацизм аанкылареи ирзырхоу арратә операциа ҷыда мҩаԥысуеижьҭеи 25 мшы ҵуеит. Ари аамҭа иалагӡаны иқәхуп 4 нызқь инареиҳаны арратә инфраструктура хыбрақәа, шәкыла арратә техника.
АҞӘА, хәажәкыра 20 - Sputnik. Хәажәкыра 19-20 руха Урыстәыла аоператив-тактикатәи арратә авиациа иқәнахит Украина арратә обиектқәа 62, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак аинрал-маиор Игорь Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Урҭ рыбжьара иҟоуп адҵаҟаҵаратә пунктқәа хԥа, зныкҟьара ихысуа ареактивтә система ашьақәгылақәа, аракета-артиллериатә бџьар ашьҭаҵарҭақәа ҩба, былтәышьҭаҵарҭак, иара убас арратә техника еизакны иахьгылаз аҭыԥқәа 52", - иҳәеит Конашенков.
Аусбарҭа адыррақәа рыла, Амшын еиқәа иӡху амҵәыжәҩақәа змоу аракетақәа "Калибр" ала Урыстәыла Арра-мшынтә флот иқәнахит украинатәи акәылӡтәы техника аремонт ахьыҟарҵо ацехқәа.
Иара убас Каспиатәи амшын аҟынтәи аракетақәа "Калибри" Ҟрымынтәи аракетатә комплексқәа "Кинжали" рыла Константиновка азааигәара иқәхын абылтәы-хьшьтәы материалқәа рыҵәахырҭа ду, уи Украина аладатәи ахәҭа аиҳарак былтәыла еиқәзыршәоз ҵәахырҭан.
Урыстәыла Аҳауарбџьармчқәа рҽацәыхьчаратә системақәа рыбзоуралы икажьын авертолиотқәа Ми-8, аԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирпланқәа фба, "Баирактар ТБ-2" аки атактикатә баллистикатә ракета "Точка-У" аки налаҵаны.Урыстәылатәи артиллериа иқәнахит арадиоелектронтә ҿагылара амобилтә комплексқәа "Буковель" фба.
Украинские военные на линии разграничения в Донбассе - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Атәылахьчара аминистрраҿы ирҳәеит Украина ахимиатә маҭәашьараз аичырчара гәҭакыс ишрымоу
Зынӡа аоперациа ҷыда иалагеижьҭеи иҭархоупаԥырҩы дызҭам украинатәи аҳаирпланқәа 207, атанкқәеи даҽа кәылӡтәы техникеи 1467, зныкҟьара ихысуа ареактивтә система ашьақәгылақәа 148, адәынтәи артиллериеи аминаршәгақәеи 573, иҷыдоу арратә техникеи автомобилтә техникеи 1262 ак.
Уи адагьы, икылкааны иеихсын Украина қьырала еибашьуа аҳәаанырцәуаа ахьыҟаз украинатәи иҷыдоу аоперациақәа ирызку арбџьармчқәа разыҟаҵара ацентр. Аихсра иалҵшәаны иқәхын 100-ҩык инареиҳаны украинатәи иҷыдоу аоперациақәа ирызку аруааи егьырҭ аҳәаанырцәтә еибашьцәеи.
Ажәабжьқәа зегьы
0