Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Салаҟаиа агазеҭ "Гал" аҭыжьра иазкны

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Салаҟаиа агазеҭ "Гал" аҭыжьра иазкны
Анапаҵаҩра
Агазеҭ "Гал" аредактор хада Нугзар Салаҟаиа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит, акьыԥхь збо аматериалқәа агәаҭара ишахрыжьуа атәы, агазеҭ аҭыҵра иахәҭаны изиԥхьаӡо.
1995 шықәса раахыс иҭыҵуеит ауаажәларра-политикатә газеҭ "Гал". 2017 шықәса раахыс иара акьыԥхь абоит уарла-шәарла. Агазеҭ финансла ацхыраара амаӡам.
"Агыршәа бызшәала иҭыҵуа аматериал еиқәзыршәо абызшәа бзианы издыруа роуп. Аханатә ишьҭаҳхуаз агырцәа рбызшәа ахьынӡаҭбаау аҭҵааратә материалқәа ракәын. Ҳәарада, уи аинтерес аман. Акьыԥхь иабоз аматериалқәа гәазҭоз дыҟоуп. Агазеҭ актәи амш инаркны сзызхәыцуаз, ҳажәлар ирԥырхагоу жәак иадымхаргьы џьара имцандаз ҳәа бла ҵарыла сахәаԥшуеит, зыгәра згоз ауаа сыман. Агазеҭ иҭыҵлар бзиоуп. Аполитикатә ҵакы аманы иҟоуп агазеҭ ашьақәыргылара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Салаҟаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0