Шәача дааныркылеит Урыстәыла ззин ыҟам адаҟьа "Колумбаин" администратор

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНаручники. Архивное фото
Наручники. Архивное фото - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Анапаҵаҩра
Жәабранмзазы Урыстәыла Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аиҿкаара "Колумбаин" террористтә еиҿкаароуп ҳәа ишьаны атәылаҿ аҟазаара азин амнахит. Ари аиҿкаара алахәхаразы иазԥхьагәаҭоуп ашьаустә ҭакԥхықәра – ԥсраҽнынӡа аҭакра аҟынӡа.
АҞӘА, хәажәкыра 22 - Sputnik. Урыстәыла ззин ыҟам апаблик "Колумбаин" администратор, хыԥхьаӡара рацәала ауаҩшьрақәа ридеологиа алазырҵәоз, атерактқәа рзы имцу ажәабжьқәа гәаразҵоз Шәача дааныркылеит ҳәа аанацҳауеит УА АШәМ.

"Аҵаратә усҳәарҭақәа рҿы хыԥхьаӡара рацәала ауаҩшьрақәа ридеологиа алазырҵәоз, атерактқәа рзы имцу ажәабжьқәа гәаразҵоз Урыстәыла ззин ыҟам аиҿкаара "Колумбаин" администратор Шәача дааныркылеит", - ҳәа аҳәоит аусбарҭа арелиз аҿы.

Иаанкылоу иҳәеит аиҿкаара анапхгараҭара азин шиҭаз Украина атәылауаҩ, "Белая Роза" ҳәа зхы иазызҳәо ауаҩы. Дара еинырит Telegram ахархәарала.
"Белая Роза" ҳәа азинхьчаратә усбарҭақәа дырдыруеит Украина атәылауаҩ Овсиук Иарослав, 2005 шықәса рзы ииз, 2021 шықәсазы Казан инхо ауаҩԥсы ашкол ақәлара дазыҟазҵаз иакәны.
Мессенджер WhatsApp - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Facebook-и Instagram-и екстремисттә еиҿкаарақәоуп ҳәа ӡбаны рзин ааныркылеит
Иаанкылоу иганахьала "апроцессуалтә ӡбара" рыдыркылоит.
Ииасыз ашықәс абҵарамзазы АШәМ адырра ҟанаҵеит Казан дшааныркылаз аҵаратә усҳәарҭақәа руак ақәлара зҽаззырхиоз ақәыԥш, иҩны иԥшаан абџьар, аимадаратә хархәагақәа, хыԥхьаӡара рацәала ауаа рышьразы аматериалқәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0